Аԥсадгьыль ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 5-нӡа сынтәа еиҿнакаауеит апроект "Ахьышьҭра" иҳәеит аилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
"Сынтәа 80-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аԥсныҟа иаауеит. Иорданиантә — 13-ҩык, Ливанынтә — 18-ҩык, Ҭырқәтәылантә — 35-ҩык, Нхыҵ Кавказынтә — 24-ҩык ахәыҷқәа ҳарзыԥшуп", — иҳәеит Ҳаразиа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.