Аԥсны

Мараҭ Кәакәасқьыр БРИКС ахәмаррақәа рҟны зых иақәиҭу аиқәԥарзы "аџьаз" даԥсахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Мараҭ Кәакәасқьыр БРИКС ахәмаррақәа рҟны зых иақәиҭу аиқәԥарзы "аџьаз" даԥсахеит ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Зых иақәиҭу аиқәԥарзы аҳамҭа даԥсахеит Мараҭ Кәакәасқьыр.
Иара индаҭлаҩ Ҭаџьикисҭантәи аспортсмен аицлабра аҟынтәи иоуз ааха иахҟьаны аиқәԥара мап ацәикит.
Кәакәасқьыр зыкапан 70 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылон.
Иааидкыланы Аԥснытәи акоманда аизакырҭаҟны х-медалк ыҟоуп: Даниил Харчлаа зых иақәиҭу аиқәԥарзы зыкапан 65 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара аџьаз медал даԥсахеит, иара убас "аџьаз" медал игахьан асамбист Раҳман Напиџьев.