Аԥсны

Ашкол аушьҭымҭацәа Лазԥҳаи Амҷԥҳаи еиҭарҳәеит рыгәҭакқәа ртәы

Sputnik
Ашколтә ԥсҭазаара ирзацу агәыбылреи, еиҳа ирыцааиуаз амаҭәарқәеи, аушьҭымҭацәа рыгәҭакқәеи, иара убас раԥхьаҟа рнапахьы иаарго азанааҭ алхра ишазнеиуеи арадио Sputnik аҟны еиҭарҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол ахьтәы медалла иалгаз Адилиа Лазԥҳаи, Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол аушьҭымҭа Аманда Амҷԥҳаи.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.