Аԥсны

Пицунда рашәарамзазы аԥсшьармшқәа рацәаны иахьалырхуа аҭыԥқәа жәаба ирхыԥхьаӡалоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Пицунда рашәарамзазы зегь раасҭа аԥсшьармшқәа рацәаны иахьалырхуа аҭыԥқәа жәаба ирхыԥхьаӡалоуп.
Асасааирҭақәеи ауадақәеи заанаҵ иахьааныркыло амаҵзура ТВИЛ. РУ адыррақәа рыла, Аԥснытәи акурортқәа рҟны урыстәылауаа жәымш иаангылоит. Уахык дара ирызтәоит 4089 мааҭ.
Раԥхьатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Ҟрымтәи акурорт Саки. Бжьаратәла араҟа аԥсшьараз иаангылоит 12-мшы. Евпатории Кучугурии — 11 мшы.
Атуроператорцәа рдыррақәа рыла аԥхынтәи амзақәа рзы Аԥсны иаҭаар алшоит 1,15 миллионҩык Урыстәылантәи аԥсшьацәа. Сынтәа ареспублика аԥхьагылара ааннакылар алшоит хыԥхьаӡара рацәала урыстәылатәи атуристцәа зҭаауа ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны аԥхьагылара аиур алшоит сынтәа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала иҳәеит Бжьаниа