Аԥсны

Аԥсны АдәАР Ауаԥсаа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәаразы амш аҽны адышшылара нанашьҭит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара нанашьҭит Ауаԥсаа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ажәлар, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар реиԥш, рыԥсдагьыл ақырҭуа фашистцәа ирцәырыхьчеит. Шәхьаа закәу еилаҳкаауеит, ишәыцеиҩаҳшоит. Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара ахаан хашҭра ақәым", — ҳәа ануп анашьҭымҭаҿы.
Есышықәса рашәарамза 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иргәаладыршәоит агеноцид иалаӡыз ауаа. Ари амш алхын рашәарамза 20 1920 шықәсазы ақырҭуа хьырхәыҩцәа 13-ҩык акоммунарцәа аныршьыз ахьакәыз азы. Шәышықәса рыла зықьҩыла ауаԥсаа рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәан, 100 нызқьҩык инареиҳаны рыҩнқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит.