Аԥсны

Герман Арџьениа беларустәи абоксиор дииааит БРИКС ахәмаррақәа рҿы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Герман Арџьениа беларустәи абоксиор Владислав Смоловски дииааит БРИКС ахәмаррақәа рҿы.
Арџьениа — Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза, Урыстәыла аԥхьахәгара араӡни аџьази ирыԥсахахьоу, жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы аиааира згахьоу боксиоруп.
БРИКС ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Казан рашәара 12-23 рзы. Урҭ ирылахәуп Аԥсны назлоу атәылақәа 91. Ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит 62-а аспортсменцәа 13 спорт хкы рыла.
Уажәазы аԥсуа команда аизакырҭахь х-џьаз медалк ҭаргалахьеит.