Аԥсны

Агәаларшәареи алахьеиқәреи амш азы Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

83 шықәса раԥхьа, рашәара 22 1941 шықәсазы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Аԥсадгьыл ду ахьчара игылеит 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтә аибашьра адщаъы иаанхеит рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит 17,5 нызқьҩык.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш инамаданы агәаларшәареи алахьеиқәреи иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аҟәа, асабша рашәара 22 рзы.
Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничествеи рхаҭарнакцәа, Аԥсни Урыстәылеи рыруаа, ауаажәларра.
Иара уаҟа имҩаԥган амитинг, игеит Аԥсни СССР-и ргимнқәа.
83 шықәса раԥхьа, рашәара 22 1941 шықәсазы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Аибашьра адәаҟны иаанхеит 26 миллионҩык инареиҳаны асовет уааԥсыра, урҭ рыбжьара 17,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.