Аԥсны

Герман Арџьениа ахьтәы медал даԥсахеит Казан имҩаԥысуа БРИКС ахәмаррақәа рыҟны

Аԥсны агимн адырҳәеит БРИКС ахәмаррақәа рыҟны Герман Арџьениа аҳамҭа анианаршьоз аамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 Sputnik. Абоксиор Герман Арџьениа БРИКС ахәмаррақәа рыҟны Аԥсны аизакырҭаҿ иҭаиршәит раԥхьатәи ахьтәы медал. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.

Арџьениа дықәгылон зыкапан 60 кьыла иҟоу рыбжьара. Афинал аҟны иара Узбекистантәи аспортсмен дииааит.

Ииааира атәы дазааҭгыло абоксиор иҳәеит иара изын ишгәахәара дуу иԥсадгьыл ахьӡала дахьықәгыло, Аԥсны абираҟ дахьаҵагылоу.
Аряьениа иажәақәа рыла, аиндаҭлара даара ицәгьан, аха аиааира илшеит иҭаацәеи иҩызцәеи, иара убас уа иалахәыз аԥсуааи рҟынтә иоуз адгылара аҟынтә.
БРИКС ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Казан рашәара 12-23 рзы. Урҭ ирылахәуп Аԥсны назлоу атәылақәа 91. Ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит 62-а аспортсменцәа 13 спорт хкы рыла.