Аԥсны

Афон ҿыц иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дхәуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 Sputnik. Афон ҿыц иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дхәуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны апрокуратура хадаҟны.
Иҟалаз ахҭыс азы аҭҵаарақәа цоит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ахәра зоуз Аҟәа ареспубликатә хәшәтәырҭахь даагоуп, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Азинхьчаҩцәа аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит иҟалаз ахҭыс азы.