Аԥсны

Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла Аспорт аминистр Дегтиариови еиԥылеит

Казан БРИКС ахәмаррақәа ирылагеит рашәара12 рзы, ихыркәшахоит рашәара 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагба Казан диԥылеит Урыстәыла Аспорт аминистр Михаил Дегтиариов, абри атәы аанацҳауеит аилак апресс-маҵзура.
Дегтиариов Аԥсны раԥхьатәи ахьтәы медал аиуреи иааизакны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны рықәҿиарақәеи рыдиныҳәалеит.
"Аԥсуа жәлари, аспорттә уаажәларреи, атәыла ахадеи ирыдысныҳәалоит. Аспортсенцәа ишырҳәо еиԥш, "физкульт-привет", - иҳәеит Дегтиариов.
Ҳагба Дегтиариов идиныҳәалеит аспорт аминистрс дахьыҟарҵаз. Иазгәеиҭеит Аԥсны 30 шықәса раахыс жәларбжьаратәи аицлабрақәа аҽрылархәраз алшара шырмоуаз, уи ахьалыршахаз иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аԥсны
Герман Арџьениа ахьтәы медал даԥсахеит Казан имҩаԥысуа БРИКС ахәмаррақәа рыҟны