Аԥсны

Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны 13-тәи аҭыԥ аанакылеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 Sputnik. Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рыҟны 13-тәи аҭыԥ аанакылеит.
Аԥсуа спортсменцәа быжь-медалк иаԥсахеит.
Ахьтәы медал абокс аҟны ианашьахеит Герман Арџьениа.
Араӡны медал Рамазан Арапханов, абырзен-аурым еиқәԥараҿы.
Аџьаз медалқәа ранашьоуп Беата Арышԥҳа абокс азы, Инал Гаделиа — адзиудо, Мараҭ Кәакәасқьыр — зых иақәиҭу аиқәпараҿы, Рахман Напиџьев — асамбо, Даниил Харчлаа —зых иақәиҭу аиқәԥараҿы.
Езгоу Урыстәыла акоманда — ахьтәы медалқәа 262, араӡны — 141, аџьаз — 99.