Аԥсны

Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит. Абри атәы Гагра араион апрокуратура ТАСС иазеиҭарҳәеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, урыстәылауаҩи Аԥсны атәылауаҩи рхатәы еимак иахҟьаны еиҿахысит. Ишьуи ҩыџьа ихәуи —машәырны уи аамҭаз ирықәшәаз роуп.
Ҩыџьа рыхәрақәа шәарҭам, ахԥатәи имгәа иаахеит, уажәы аԥҟара цоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион апрокуратураҿы.
"Ауселаргаҩцәа аҭыԥаҟны аус руеит, иҟалаз шыҟалаз шьақәдыргылоит", — рҳәеит апрокуратураҿ.