Аԥсны

Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны аиҿахысра иалахәын ҳәа гәҩарас ирымаз зегьы аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны аиҿахысра иалахәын ҳәа гәҩарас ирымаз зегьы аанкылоуп, абри атәы аанацҳаит Аԥсны АҩАР.
Иаанкылоуп 27 шықәса зхыҵуа Игор Чаговец, 33 шықәса зхыҵуа Аслан Какалиа, 27 шықәса зхыҵуа Беслан Какалиа.
Уи аԥхьа иаанкылан Аԥсны атәылауаа Чаговец К.А, аишьцәа Гоџьуа Б.Д., Гоџьуа Б.Д. Аиҿахысра иалахәыз Камлиаа аишьцәа руаӡәк аҳәаа дахысит, аха Адлер ақалақь аҿы дааныркылеит. Иара хара имгакәа Аԥснытәи азинхьчаратә усбарҭақәа дрырҭоит.