Аԥсны

Аршба БРИКС ахәмаррақәа рҟны Аԥсны ақәҿиарақәа ирызкны: еиҭаҳәашьа амам

Sputnik
БРИКС ахәмаррақәа рҿы аԥсуа спортсменцәа рхатә бираҟ иаҵагыланы рықәгылара ҵакыс иамоу, аицлабрақәа рылҵшәақәа, ҳаспортсменцәа разыҟаҵараан азҿлымҳара зҭатәу, ахҭыс иаҳзаанартуа амҩақәеи, иаҳнаҭо алшарақәеи уҳәа рзы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны Амилаҭтә Аолимпиатә еилакы ахада Валери Аршба.
БРИКС ахәмаррақәа рҿы Аԥсны еизгоу акоманда 90 тәыла рыбжьара 13-тәи аҭыԥ агеит амедальқәа рхыԥхьаӡарала. Зынӡа иаиааит 7 медальк, руак — ахьтәы, даҽакы — араӡын, хә-цырак — аџьаз медальқәа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.