Аԥсны

"Москва аҩны" амедицинатә маҭәахәқәа атәыла амедусҳәарҭақәа ҳамҭас ианаҭеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. "Москва Аҩны" амедицинатә маҭәахәқәа рынаҭеит Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада, агәыҳалалратә фонд "Адгылара", Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр.
Ателескоптә сақьаҭқәа, аҭарныҟәагақәа, аҵәара алызмыршо агәабанқәа, ахамыхәацәа рзы акәырҷыжьқәа, апульсшәагақәа ирзоужьын 600 000 мааҭ инеиҳаны.
Апрограмма нанагӡоит Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартамент. "Москва Аҩны" ахаҭарнак Мариа Соиа лажәақәа рыла, арзаҳалқәа аазышьҭыз амедусҳәарҭақәа есышықәса ирыцхыраауеит.