Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭаркьылԥҳа апатриоттә лагерь аусура иазкны

Аҟәа ақалақь ахадара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, нанҳәамзазы 16-ҩык аԥсуа хәыҷқәа Нижни Новгородҟа ишышьҭхо апатриоттә лагерь ахь. Лара дазааҭгылеит уи шалыршахаз атәы.
Sputnik
10 шықәса ҵуеит Нижни Новгороди Аҟәеи аиашьара зыбжьоу қалақьқәаны иҟоижьҭеи. Урҭ реиҭанеиааира аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа раԥхьаӡа акәны аԥсуа ҿар апатриоттә лагерь иалахәхоит.
"Ашколқәа рыбжьара имаҷымкәа аусурақәа мҩаԥган. Урҭ ируакуп, “Десантникс сҟалар сҭахуп” захьӡу апатриоттә лагерь, Нижни Новгород аус зуа. Ҵыԥхгьы иҳаман уахь ааԥхьара, аха ҳақәымшәаӡеит. Сынтәа уаантә иаҳзааит аҿар. Ҳҵаҩцәагьы шьҭа уахь иҳашьҭуеит нанҳәамзазы. Иалхын 16-ҩык иреиӷьу ахәыҷқәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.