Аԥсны

Асҭамыр Хагәышь Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбарала Асҭамыр Хагәышь Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп.
Хагәышь 2013 шықәса раахыс ареспублика аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟны аус иуеит. 2016 шықәсазы инапынҵақәа қәҿиарала иахьынеигӡоз азы "Зус бзианы иназыгӡо амилициа аусзуҩ" ҳәа агәкыдҵа-дырга ианашьан .
Иара убри ашықәсазы ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәыла АҩАР ашәарҭадаратә маҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи Рассоциациа" амедал ианашьан.
Иара убасгьы, Аԥсны АҩАР амедал "Аԥсны Аҳәынҭқарра ААР аҟны қәҿиарала аусуразы" I, II, III аҩаӡарақәа ианашьоуп.