Аԥсны

Ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи ирылацәажәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд мҩаԥысуан рашәарамза 25-26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд аҿы ҩ-гәыԥкны аилацәажәарақәа мҩаԥысуан — ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Актәи агәыԥ аҿы иалацәажәон аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы аҭагылазаашьа. Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла еиҭахгьы инаҵшьны ирҳәеит Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи Гал Аидысларақәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) арҿыцреи шаҭаху.
Ақырҭуа ган акәзар, аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра ахҭысқәеи иара убас Аԥсны аӡбарҭа аӡбарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа рызҵаареи ракәын изызхьаԥшуаз. Қарҭ уаанӡеиԥш атермин "аоккупациа зызуу аҵакыра" ахы ианархәон, амч ахамырхәаразы аҭакԥхықәра Москва ахахьы иагар шакәу аҳәон.
Аиҿцәажәарақәа аҩбатәи ртемас иҟан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа ԥынгыла рымамкәа инеиааиларц азы, аҵареи агәабзиарахьчареи уадаҩрада ироуларц азы азҵаара. Аҟәа ажәалагала ҟанаҵеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу атәылауаа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ицаразы ироуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы жәларбжьаратәи аусутә гәыԥ аԥҵара.