Аԥсны

Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак астол гьежь мҩаԥнагеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 Sputnik. Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак "Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа" захьӡу астол гьежь мҩаԥнагеит.
"Ахеилак актәи аилатәара ашьҭахь атәыла ахадеи иара алахәылацәеи иџьаршьеит аҿар абас адырра, ахәыцшьа, аҵарадырра ахьрымоу. Ҳтәылауаа ирбозароуп ишеиҵагыло ихәыцуа, здырра ҳараку, аҵара змоу аҿар", — иҳәеит ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Аҭоурыхдырыҩцәа, археологцәа, аетнологцәа ажәахәқәа ҟарҵеит аритуал-мифологиатә хыҵхырҭақәа, Аԥсны Абаагәара ду, аибашьратә бзазара амаҭәарқәа, Аԥсны XIX ашә. аҭоурых азы ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахыҵхырҭақәа, 1921-1931 шш. раантәи атәыла асоциал-економикатә ҿиара ирызкны.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аҵарауаа ҿарацәа аиҳабыра рганахьала адгылара шроуа рбар, еиҳагьы рхы-ргәы ақәыбзиаханы рус напаларкуеит ҳәа.
Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аԥҵан Аԥсны ахада идҵала 2024 шықәса хәажәкыра 29 рзы. Иара иалахәуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа знапы рылаку 35-ҩык аҵарауаа ҿарацәа.