Аԥсны

"Ԥсоу" аҳәааҿы ауаҩы дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу ырбаандаҩуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 Sputnik. Баҭал Гоџьуа, Беслан Гоџьуа, Константин Чаговец ырбаандаҩуп Гагра араион аӡбарҭа аӡбарала, апрокуратура иҟанаҵаз азыҳәа инақәыршәаны.
"Ԥсоу" аҳәааҿы иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит. Иҟалаз ахҭыс амазара аимакра иахҟьеит.
Ацәгьоура руит ҳәа гәҩарас ирыманы рашәара 24 рзы иаанкылан Аԥсны атәылауаа Константин Чаговец, аишьцәа Баҭали Беслани Гоџьуаа. Даҽаӡәы Шәача даанкылан.
Ԥыҭрак ашьҭахь, рашәара 25 рзы АҩАР аусзуҩцәа иааныркылеит даҽа хҩык — Аслан Какалиа, Беслан Какалиа, Игорь Чаговец.