Аԥсны

Аԥсны 8 кьылак амефедрон иҭиит ҳәа агәҩара ззыҟоу, дырбаандаҩуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Денис Усов Аԥсны 8 кьылак амефедрон иҭиит ҳәа агәҩара ззыҟоу, дырбаандаҩуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәатәи ақалқьтә ӡбарҭа апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи аусҭҵаарала ишьақәыргылан 2024 шықәса хәажәкырамзазы Усов Петербург ишеиҿикааз Аԥсны анаркотикқәа ралагалареи рыҭиреи рзы агәыԥ. Егьырҭ агәыԥ алахәылацәа дрылахәны, хьыӡ ҷыдас "Лиоша" иманы, иааихәеит 8,8 кьыла амефедрон.
Ззин ыҟам ари амаҭәашьар Усов инапынҵала аҳәаа иахигеит иахьазы зхаҭара шьақәыргылам, ахьӡ ҷыда "Козлов Андреи" змоу ауаҩы. Иара анаркотикқәа Аладатәи Ешыра амаӡа-ҭыԥ аҿы ишьҭеиҵеит, анаҩс ари аҭыԥ ахьыҟоу азы адырра ииҭеит Денис Усов.
Усов уантәи анаркотикқәа игеит рашәара 13 рзы. Қьырала иигаз амашьынаҿы 3,3 кьыла ҵәахны иман, 302 грамм иарҭмаҟ иҭан, иаанхаз 5,1 кьыла Аҩадатәи Ешыра амаӡа-ҭыԥқәа ԥшьба рҿы ишьҭаҵаны иҭиит.
Иара ҩымз ҳәа ирбаандаҩразы аӡбара аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.