Аԥсны

Змаҵзуратә мчрақәа ирхыҳәҳәаз амилициа аусзуҩ дырбаандаҩуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 Sputnik. Амилициа алеитинант Манча Кьахьба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Кьахьба ахара идҵоуп иаанкылаз Асҭамыр Сабекьиа иганахь ала имаҵзуратә мчрақәа дырхыҳәҳәаны амчра ихы иаирхәеит ҳәа. Ашьаус хацаркуп.
Ашьаусԥшаара ишьақәнаргылеит жәабран 3 2024 шықәсазы иара ҭаҷкәымла Асҭамыр Сабекьиа 11-нтә дышисыз. Сабекьиа — 2023 шықәса жьҭаарамзазы АҩАР аусзуҩцәа рганахьала амч ахархәареи раҳаҭыр аларҟәреи рзы агәҩара рыманы даанкылан.