Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Мықә аӡеизгарҭатә бааш аргылара х-миллионк рҟынӡа азоужьҭуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 Sputnik. Очамчыра араион Мықә ақыҭантәи аӡеизгарҭатә бааш аргылара х-миллионк рҟынӡа иазоужьҭуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Атәыла ахада ипресс-маҵзура ишаҳәо ала, аӡы роулоит 28 ҭаацәареи аҭыԥантәи ашколи.
Мықәтәи ашкол аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Изольда Ҭарԥҳа ишылҳәаз ала, ашықәсҿыц аламҭалаз амқьаҭ каҳазар аахыс ашкол аҟны аӡы рымаӡам.
"Амқьаҭ 72 кубаметра аӡы акуеит. Абааш агылара 6 метрак иҟоуп. Ақыҭауаа аӡы роулоит 48 метра адгьыл аҵантәи. Аусурақәа аамҭеихша иақәыршәаны ицоит. Уадаҩрак ыҟаӡам" — иҳәеит араион "Аӡыршьҭра" аиҳабы Авдениа Џьопуа.
Аусурақәа нанҳәамза анҵәамҭаз ихыркәшахоит.