Аԥсны

Алиса Гыцԥҳа ахԥатәи Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 Sputnik. Цәыббра 30 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу Алиса Гыцԥҳа ахԥатәи Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Аиааира зго еилкаахоит ҩ-номинациак рыҟны — академиатә авокалтә нагӡареи ансамбльтә ҟазареи рҟны.
"Аицлабра хықәкыс иамоуп жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа рыбжьара аурыс культура, адоуҳатә культуратә беиарақәа раларҵәара" — ҳәа лҳәеит Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Жәлар рартист Алиса Гыцԥҳа.
Гран-при азы аицлабра аԥхьахәтә фонд 200 000 мааҭ ыҟоуп. Аноминациаҿы I, II, III аҩаӡарақәа зауа аԥаратә ҳамҭақәа ранаршьоит. Аԥхьахә ҷыдақәа рырҭоит Урыстәыла иналукааша акультуратә институциақәа.
Илатәарадатәу актәи ахәҭа мҩаԥысуеит ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа.
Жьҭаара 16 - 20 рзы алахәылацәа рзы Москва имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи амузыкатә лаборатоиеи аҟазаратә классқәеи, алекциақәеи.
Жьҭаара 28 - 30 рзы Аҟәа имҩаԥгахоит аицлабра афинал.
Жьҭаара 31 рзы — Аҟәа имҩаԥысуеит аԥхьахәқәа ранашьареи алауреатцәа рконцерт хадеи.
Абҵара 1 азы — Пицунда имҩаԥгахоит алауреатцәа рконцерт-хада.
Азыҳәақәа рыдыркылоит абри аелектронтә ԥошьҭахь — gitsba-competition@mail.ru.