Аԥсны

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара аҽазыҟаҵара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара аҽазыҟаҵара иалагеит.
"Ишьҭыххоит аихагылақәа хԥа. Ахыбра азеиԥш хышәа-ҵышәа 4550 метр ԥшьыркца иҟоуп, 65 иара-ҭыԥ аиуеит", — иҳәеит анардадатә еиҿкаара анапхгаҩы Баҭал Абакелиа.
Ахәышәтәырҭаҿы иҟалоит астационар, адиагностикатә, ахирургиатә, аренгентә, аклиника-диагностикатә ҟәшақәа, алабораториа, амаҵзуратә уадақәа.
Аргылара мҩаԥысуеит урыстәылатәи Аинвестпрограмма аԥаразоужьрала. Ихыркәшахароуп 2024 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбараз.