Аԥсны

Џьопуаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рҟазара атәы

Sputnik
А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аужьҭымҭацәа рбаҩхатәра, ҿыц ирыдыркыло аҿар иарбан хырхарҭоу еиҳа иалырхуа, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҵараиурҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лариса Џьопуаԥҳа.
"Сынтәа аҵара хзыркәшаз рхыԥхьаӡара маҷхеит, избанзар акарантин ашьҭахь ихнымҳәыз рацәаҩхеит", - ҳәа лҳәеит Џьопуаԥҳа.
Иазгәалҭеит аушьҭымҭацәа аӡәырҩы адипломтә усумҭа бзиаӡақәа шаԥырҵаз. Иара убас дазааҭгылеит аҵараиурҭа аҭалараз арахь ишаауа Урыстәылантәгьы.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.