АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аусбарҭа алшарала шәҩыла ауаа рыԥсқәа шеиқәырхоу, аԥсуа еиқәырхаҩцәа рус бзиа ибаны ҭакԥхықәра дула ишазнеиуа, рхы-рыԥсы иамеигӡакәа рнапы иану шынарыгӡо.
Бжьаниа АҶА аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа, аманшәалара.
2006 шықәса ԥхынгәы 4 рзы иаԥҵан Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа анаҩс аминистрра ҳәа иԥсахыз. Сынтәа иахыҵит 18 шықәса.