АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Кан Ҭаниа ианаршьеит Урыстәыла ахада Иаҳаҭыртә шәҟәы, абриатәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭаниа ихаҭа.
Аусԥҟа анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы, анашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит иацы Кремль.
Ҭаниа аҳаҭыртә шәҟәы иоуит аԥсуа-абаза милаҭ аҿиара ацхрааразы аиҿкаара "Алашара" ахада иаппарат анапхгаҩыс даныҟаз Урыстәыла ауаажәларразы акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы.
"Ҷыдала сгәы иахәоит аҳамҭа ахьсиҭаз Аҟәа ииз, иааӡаз, Урыстәыла Аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс иҟаз, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Даара ҳаҭыр ду сзақәуп, аҭакԥхықәрагьы сыднаҵоит иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иналукааша анапхгаҩы Владимир Путин иҟынтәи ари аҩыза аҳамҭа аиура", — иҳәеит Ҭаниа.