Аԥсныи Урыстәылеи аҵара аминистррақәеи, афонд "Сара сҭоурых" иабзоураны Очамчыра аус ауеит "Раԥхьатәи" захьӡу жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагерь. Иахьа аҩбатәи асмена аусура иалагоит.
"Актәи асмена 105-ҩык Аԥснынтәи ахәыҷқәа еиднакылеит. Аҵара аганахьала, аспорт аганахьала зҽалызкааз, 9, 10, 11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо раионцыԥхьаӡа аҟынтә иаашьҭын. Ааӡаҩцәа ракәзар, аԥышәа змоу, алагерьқәа русура атәы здыруа ааԥхьан Урыстәылантәи.
Ахәыҷқәа рышьыжь алагоит абҩарҵәырала, анаҩс шьыжьхьафара, нас хазы-хазы ахәыҷқәа ргәы иақәшәо ахырхарҭақәа алхны амастер-классқәа рахь ицоит. Урҭ рызкуп, аԥсадгьыл, аԥсабара абзиабара, аспорт уҳәа. Ахәыҷқәа гәахәарыла урҭ зегьы ирылахәуп", - азгәалҭеит Ҷолокәуаԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.