АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Алада Ешыра амҩаду аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит хԥа-ԥшьба мшы рышьҭахь, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.
Аиҭашьақәыргылараз азыҟаҵаратә усурақәа ирылагахьан мчыбжьык аԥхьа. Уажәы Лакоба имҩаду аҟны акаҭран ақәҵра иаҿуп. Амҩа аура 2,5 километра иҟоуп, аҭбаара 4,5 - 5 метра.
Амҩа иаҿықәынхоит 40-ҭӡы. Аусурақәа рхарџь Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи иазоушьҭын.