Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Одессатәи аобласт аҿы Урыстәылатәи аруаа АРК Patriot-қәа ҩба ҭадырхеит

Урыстәылатәи аруаа Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны рнапынҵақәа нарыгӡоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Урыстәылатәи арбџьармчқәа Одессатәи аобласт Иужны араион аҟны иҭадырхеит Америка иҭнажьыз азениттә ракетатә система Patriot-қәа ҩба. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Иара убас, ақыҭа Иужное аҟны Giraffe ҳәа изышьҭоу арадартә станциа ааха арҭеит.
Ахысрақәа мҩаԥыргон аоперативтә-тактикатә комплекс Искандер аекипаж.
Киевтәи арежим адгылара азҭо, Европатәи атәылақәеи Америкеи иааиԥмырҟьаӡакәа Украина бџьарла еиқәдыршәоит. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изныкымкәа мраҭашәаратәи апартниорцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аиқәыршәара аанкыларазы, насгьы иазгәанаҭеит аукраинатәи анационалистцәа иркыу иарбанзаалак мраҭашәаратәи абџьар, закәанла Урыстәылатәи армчқәаишрызкхо азы.