Аҟәеи Донецки ақалақьқәа аиашьара рыбжьарҵеит. Абри азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аҳҭнықалақь амш аҽны Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Донецк ахада Алексеи Кулемзини. Ари ахҭыс иаҳнаҭо алшара ҿыцқәеи аиашьара хьҳабжьоу ақалақьқәеи ҳареи ҳусеицуреи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Аиқәшаҳаҭра иаҳзааныртуа амҩақәа рацәоуп, аспорт, агәабзиара, аекономика аганахьала иҳәеит аиҿцәажәараҿы Сурманиӡе.
"Уа аибашьра шцогьы азауадқәа аус руеит. Ахаа-мыхаа, аҭоубар, арыжәтә џьбары уҳәа ҟарҵоит, Урыстәыла зегьы ирҭиуеит. Ԥшьышықәса ҵуеит ақалақьқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра аус адулара цоижьҭеи", - иҳәеит Сурманиӡе.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, Урыстәыла ақалақьқәа жәпаки дареи аиқәшаҳҭрақәа шрыбжьоу, иаарласны еиҭа ус еиԥш аусмҩаԥгатәқәа шазгәаҭоу.
"Ақалақь иаҭаху атехника ҳанашьҭало, дара роуп аԥхьа ҳаззасуа. Уажәы иазгәаҭан иҳамоуп Санкт-Петербурги ҳареи аиқәшаҳҭра анапаҵаҩра. Дара ҳамҭас иҳарҭеит амҩа зыӡәӡәо амашьына, иаарласны иаараны иҟоуп", – иҳәеит иара.
Сурманиӡе иҳәеит, Урыстәыла ақалақьқәа рзы Аҟәа интересс иалоу атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.