Аԥсны

Гагра араион аҟны анхарҭа ҩны блит

Баӷрыԥшь аҳаблан анхарҭа ҩны амца акит ашәахьа, ԥхынгәы 8 рзы. Амцакра зыхҟьаз макьана еилкаам.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Гагра араион Баӷрыԥшь аҳаблан хеихагыларак змаз аҩны ықәццышәаа иблит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳабла аиҳабы Оҭар Аршба.
Иара иажәақәа рыла, амцабз аанкылашьа амаӡамызт.
"Амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба аус руан, дара егьырҭ аҩнқәа рахь амца миасырцаз иашьклаԥшуан", - иҳәеит иара.
Ахыбра ргылан 1938 шықәсазы, асовет аамҭақәа раан азанааҭеидгылақәа рзеиԥшнхарҭас иҟан. Аҩны абжа амҿы иалхын. Ахыбра апансионат "Баӷрыԥшь" абаланс аҿы иқәгылан.