Аԥсны

Очамчыра араион ахәҭак лашарада иаанхоит ԥхынгәы 10 рзы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Очамчыра араион ахәҭак лашарада иаанхоит ԥхынгәы 10 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Мықәтәии Кәачартәи астанциа еиҵақәа аҿыххоит асааҭ 10:00 инаркны 12:00 рҟынӡа.

Афымцалашара дырцәоит мықәтәи астанциаҿы имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа инарымаданы.