Аԥсны

Апарламент аҿы имҩаԥысит амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараз акомиссиа аилатәара

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵааразы акомиссиа актәи аилатәара.
Акомиссиа аусура зызку:
ареспублика амҩадуқәа рҿы амашәырқәа зыхҟьо аҭҵаара;
амашәырқәа рхыԥхьаӡара армаҷразы ажәалагалақәа реиқәыршәара, аныҟәцаҩцәа арӷәӷәара;
иуашәшәыроу амашьынақәа рныҟәара аанкылараз хылаԥшра аҭара;
амашьынақәа алицензиақәа рыҭара ахылаԥшра.
Адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит амҩатә ԥҟарақәа еилазго рыхьӡқәа аинформациатә хархәагақәа рҿы иркьыԥхьларц, иара убас урҭ рмашьынақәа рымырхларц.
Иааиуа аиԥыларахь ааԥхьара рырҭоит Агәабзиарахьчареи Аҵарадырреи рминистррақәеи, егьырҭ анаԥхгаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақәеи Аԥсны амҩадуқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа анырра азҭар зылшо аԥшьгарақәеи рыҟаҵаразы ааԥхьара ҟарҵеит.