Аԥсны

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк абанктә маҵзурақәа мҩаԥнагалоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк абанктә маҵзурақәа мҩаԥнагалоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны.
Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аҵәахырҭатә банк азин амоуп:
адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа имҩаԥырго ашәахтәи, аҳазатәи, егьырҭ ашәарақәеи рыдкылара;
Амилаҭтә банк азин ҷыда иазгәанаҭо егьырҭ абанктә усурақәеи аоперациақәеи рымҩаԥгара.
Аҵәахырҭатә банки АҬ "Ԥсоу" акоординациатә хеилаки ишьаҭанкылатәым аргыларақәа уа рыҟазааразы аусурақәа рганахь ала аиқәшаҳаҭра рымазароуп.