Аԥсны

Ишьақәырӷәӷәоуп "Аԥсшәадырреи кавказдырреи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы" апрограмма

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Ишьақәырӷәӷәоуп 2024-2026 шықәсқәазтәи "Аԥсшәадырреи кавказдырреи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы" хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа. Уи иазоужьхоит 16 миллион мааҭ.
Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны апрограмма аусдҵа хадақәа иреиуоуп:
аԥсуа жәлар рдоуҳатә ҭынха аиқәырхареи ҿырҳәалатәи акультура адәныҟатә материал аизгареи аҭыжьреи рымҩала;
аԥсуаа итрадициатәу рҿырҳәалатәии рлаԥшылатәии акультурақәа рматериалқәа разырхиареи рҭыжьреи;
инарҭбааны Аԥсны аҭоурых аҩразы ахыҵхырҭаҭҵааратә база аԥҵара; Аԥсны аҭоурых аконцепциа аԥҵара;
Аԥсны еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа рышьақәыргылареи рҭыжьреи;
аԥсуа бызшәа амилаҭтә гәыцә шьаҭаны иҟаҵаны аԥсуа бызшәа инарҭбааны аларҵәаразы аҵаҵӷәқәа раԥҵара.