Аԥсны

Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны аусура иалагоит атуристтә хырхарҭа ҿыц

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны аусура иалагоит атуристтә хырхарҭа ҿыц — 2019 шықәсазы Кәыџба иашҭаҿы иаартыз аҳаԥы.
Апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгьиз Џьергьениа арадио Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аҳаԥы ыҟоуп аӡиасқәа Бзыԥи Еӷьеи реилаларҭа 6 километрак инахыкны ишыҟоу, иамоу азалқәа рҟынтәи иреиҳау аура 50 метра иҟоуп, аҭбаара – 15 метра.
Ари аҳаԥы аҟынтәи акәараҷҷа ааиуан, азҿлымҳара аҳҭан изеиԥшроу ҳбарц ҳаӡбеит. Ҳаинспекторцәа аӡәы алашара иман аҳаԥы дҭалеит, уахьынтәи иблахкыгоу аҳаԥы азалқәа ҭыхны иааигеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аекологцәа рацәажәара ашьҭахь Риҵатәи апарк аусуҩцәа атуристцәа раҭааразы аҳаԥы аартра рыӡбеит.
Уажәы уа аусурақәа ирҿуп, амардуан азы арельсқәа харгалеит, амҩа дрыцқьоит, алашара аҟаҵара аздырхиоит.