Аԥсны

Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - II ахәҭа

Ишәыдаагалоит Анатоли Лагәлааи Нугзар Логәуеи реиҿцәажәара аҩбатәи ахәҭа.
Sputnik
Актәи ахәҭа шәаԥхьар шәылшоит абра.
– Нугзар, уара урҿиаратә ԥсҭазаара мацара уазныжьны ахаан иҟамлаӡацт, есымша ҳаԥсҭазаара аибарххарақәа зегь рыгәҭа угылан... Аԥсны Акультура аминистрс уҟарҵаанӡа апартиа "Аиҭаира" уалан, усҟангьы, иахьагьы иаартны иуҳәон уара упозициа, узықәшаҳҭыз, узықәшаҳаҭмыз... Иаахҵәаны изаҳамҳәои, усҟантәи аиҳабыра амчрахь ихаларц азы даара аџьабаа збаз уреиуоуп, сара иахьагьы ибзиан исгәалашәоит ҳажәлар рҿаԥхьа ицаҳәцаҳәуа иҟаз уқәгыларақәа!..
– Сара аибашьра ашьҭахь аԥсуаа зегьы напеикәыршала ҳаицынхоз џьысшьон. Сгаӡазар акәхарын. Аинтеллигенциа, арҿиара знапы алаку ауаа еиҳа агәцаракра рауаз џьысшьон. Исзеилкааӡомызт аамҭа ҿыц иааиз акапитализм ашә ҳшыланаргылахьаз. Акапитализмгьы иамоуп иара ахатәы система. Ҳара уи асистема зынӡа ҳазыҟаҵаӡамкәа иаразнак иара ашхәа ҳҭалеит. Уи ашхәа зхыз амшын зынӡа ҳара иаҳтәӡамкәа. Ажәакала "абнауаа" ркапитализм (Дикий капитализм). Ари аҩыза аҭагылазаашьа иахылҵны арыцҳарақәа рацәаны иҟало иалагеит Аԥсны. Ииааиуа-иҵеиуа ҳәа зегь ҳаиԥхьытта амҩа ҳанырҵеит. Изакәызаалак ауаҩы дзыхьчо акагь ыҟаӡамкәа ҳаҩны ҳахылеит. Аибашьра иахәлаӡыз рнаҩс асеиԥш ахныҟәгара аԥсуа иаҭәамызт. Иага иаҳкуаз, иаҳшьҭуаз ыҟамзаргьы, даҽакала ҳажәлар ҳәаақәаҳҵар ауан. Иаразнак ираҳҳәар акәын аҳәынҭқарраҿ ишыҟоу кьысшьа змам аҳәынҭқарратә мал. Уи ажәлар зегьы ишырзеиԥшу. Уи аҭыԥан ҳара ҳалагеит амал аимҵәара, афабрикақәа, азауадқәа, аԥсшьарҭаҩнқәа, зегьы уала-ҭахыла. Аихалых, абна, амшын ажәлар рмазара ҩыџьа-хҩык алачо иалагеит. Урҭқәа ирыхҟьаны дара-дара ршьа кеибаҭәо аҟынӡагь инеиуа иалагеит. Ауаа ӷьычны, рыхә ыҵырхуан даҽа џьоукых. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥсуаа ирыхәҭазма? Ииашоуп, аблокада ҳадҟазҵалаз ирыхҟьаз рацәоуп. Аблокада иаруадаҩит ҩынтәны, хынтәны аҭагылазаашьа. Аполитикатә ҭагылазаашьа акәзар, ҳиааира иааҳгаз зынӡа изҭахымыз ҳақәыӷәӷәон, дара ирҭахыз ала џьара ҳазааирц. Аха, анцәа иџьшьаны, усҟантәи ҳлидер В.Г.Арӡынба аихымца даҩызан. Фактор заҵәык усҟан ҳаиқәзырхоз иара ихаҭара иаҵаҵәахыз агәаӷьреи, агәымшәареи, адырра ҵаулеи, ижәлар рахь имаз абзиабареи роуп. Амала иара иҩнуҵҟатә усқәа рҿы деиҵазҟьоз ауаа рацәаҩны ивагылан. Убарҭ роуп уаанӡа ахыхь еиқәысыԥхьаӡаз арыцҳарақәагь зыхҟьозгьы. Насгьы, аҳәынҭқарра аныҟәгараҿ ԥышәа ӷәӷәакгьы ҳамамызт. Уаанӡа иҳамаз аҳәынҭқарра аформа, "аматриошка" асистемала еибыҭаз, атәра ҳаҵазыргылоз ҳәынҭқарран. Уи аҩыза аамҭахь дунеихаан агьежьра ҟамлароуп.
Аԥсны
Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - I ахәҭа
Иҟоуп даҽа факторк, ауаҩы игәы иҭаӡамкәа аполитика амҩахь дназго – уи иара ихаҭаратә ҭагылазаашьа. Абрантәоуп дарбанызаалак аполитика дахьынтәалаго. Атәылауаҩ, зҭагылазаашьа ҽеим, ихы злеиҭеиҳәаша, излеихьчаша амҩақәа рыԥшаара далагоит. Азакәантә инструментқәа аус рымуазар, диасуеит даҽа мҩақәак рыԥшаарахь.Ишдыру еиԥш, аӡәы ихала ихы изыхьчаӡом, убри аҟынтә ус иҟақәоу агәынамӡара змоу, рхы еидыркыло иалагоит. Зегь раԥхьаӡа рыбжьы раҳарцаз изаҳарц зыхәҭоу. Убасшәоуп саргьы, ахаанаахыс аполитика аҽалагалара зҭахымыз, иара амҩахь сышнанагаз. Зегь аибашьра ҟалаанӡа иалагеит, уи аԥсуа жәлар ринтерес ахьчара иазкын. Иахьагь уи аинтересқәа роуп сара зегь раԥхьаӡа исыргыло.
Сара исҭахуп, ҳара аҭоурых иаҳнаҭаз ашанс, ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра аргылара хьаҳәаԥаҳәада ԥхьаҟа ицаларц. Сара исҭахӡам ҳҳәынҭқарра иахагылоу дарбанызаалак ахара идушәа аӡәы иҿаԥхьа ихы ларҟәны дгыларц. Иагьа ҟаларгьы, аԥсуа ҳәынҭқар идыруазароуп иара ишьҭахь игылоу ижәлар зыԥсоу. Идыруазароуп уи иднаҵо аҭакԥхықәра аҵакы. Идыруазароуп иара зымаҵ иуа, иахьатәи дызлагылоу рымацара шракәым. Уи рымаҵ иуеит зқьышықәсала ари адгьыл зшьеи зыԥхӡашеи ықәызҭәахьоу ҳажәлар. Уи рымаҵ иуеит имиц асабицәа зегьы. Амаҵ иуеит Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш! Абарҭқәа зегь роуп аполитика зыхҟьо, Анатоли, ухаҵкы!
Хьӡи-ԥшеи згым аԥсуа жәлар сара сырзыгәдууп есқьынгьы. Ар маҷ хьӡы ргеит ҳәа, азеижәтәи, аҩажәатәи ашәышықәсқәа ирзааргаз атрагедиатә хҭыс дуқәа ириааины аԥсуа жәлар хәыҷ ирылдыршеит ахеиқәырхара. Иахьа аҩыза аҭагылазаашьа ҳара ҳаԥсуа ҳәынҭқарра дунеихаан иамоуӡацызт. Иахьа иҳамоу еиқәҳархароуп аринахысгьы. Даҽакала аԥсуа ҳәынҭқарра иазныҟәарц иалагоу аӡәыр дҟалозар, ихәҭоу иазҳәаша ауаа шыҟало агәра згоит.
– Иахьа иуҳәар ҟалоит уара убзоурала еиҿкаахеит ҳәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Асахьаҭыхратә кафедра, афакультет. Ҳҿар анкьа Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишье ианалгалак, Қарҭтәи академиахь ицозҭгьы, иахьа убри иаҵанакуа зегьы ҳуниверситет аҿы еиҿкаауп, шәыҟоуп арҵаҩцәа бзиаӡақәа, ишәыдышәкылоит аҟазара злоу ҳҿар. Убри аус ԥшьа маҷк ҳалацәажәап...
– Ҳара иҳамазароуп аԥхьаҟа ҳҿар ныҟәызгаша апроектқәа рацәаны. Анцәа иџьшьаны, аҿар бзиа ҳамоуп. Иҟоуп аҵара бзиан изҵо, иҟоуп абаҩхатәрақәа, аҟазараҿ, акультураҿ, аспорт аҿы. Уи зегь гәцараклатәуп, иацхраалатәуп. Аҟазареи, акультуреи раҟара ажәлар амҵәыжәҩа рызҭо даҽак зыҟалаӡом. Уара уазхәыц, иаҳҳәап, иҟамызҭгьы аԥсуа литература, изыҟаларызма аԥсуа ҳәынҭқарра? Иҟамызҭгьы анаука, аҭоурых? Дҳамамызҭгьы Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, ма Баграт Шьынқәба, убас аӡәырҩы? Иарбан ҳәынҭқарроу иҟаҳҵоз? Мамзаргьы азин ҳазҭодаз алацәажәара?.. Иаҳҳәап, иахьа иҳамамызҭгьы Аԥсуа милаҭтә университет, иҳамамызҭгьы Аҭҵаарадырратә академиа, аинститутқәа, ишԥаҟалоз аҳәынҭқарра? Макьанагь иҳагу шаҟа ыҟоузеи. Иахьа, еиҳарак игәцарактәу аҵарадырра ауп. Аброуп иахьыҵәаху наҟ-наҟтәи ҳԥеиԥш ацаԥха. Абри еилыркаауазароуп зегьы. Абызшәа атәы акәзар, уажәшьҭа убри аҟара ҳац икылаҳххьеит, уажәазы салацәажәаргьы сҭахӡам. Акызаҵәык зегьы ирдыруазароуп, "Ахиллесова пята" ҳәа, изышьҭоу, аԥсуаа ҳаԥсырҭа - ҳара ҳбызшәаҿы ишыҵәаху.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Логәуа актуалра зцу Аԥсны акультура азҵаатәқәа ирызкны
– Хыхь ишысҳәаз еиԥш, уара асахьаҭыхрагьы апоезиагьы еилоугӡоит, урҭ дара убриаҟара еизааигәоуп, "еибаҭахуп", аҩбагьы ануҭаауа еиҳау насыԥ ыҟамзар ҟалап, Анцәа ибызшәала иуацәажәоит!..
– Аҟазара баша ԥсыршьагаӡам, аҟазара ԥсҭазаароуп. Абраҟа исгәалашәеит, аҵарауаҩ, алитературатә критик Владимир Аҵнариа ицәаҳәақәак:
"Амра ԥхозар, иззыԥхода,
Уара иузкым, сара исызкым.
Амшын цәқәырԥозар, иззыцәқәырԥода,
Уара иузкым, сара исызкым.
Аҵыс шәаҳәозар, иззышәаҳәода,
Аӡәгьы изкым, акгьы иазкым.
Убас, жәеинраалак сԥыхьашәонда,
Акгьы иазкым, аӡәгьы изкым.
Зегьы ирызку, зегьы ирыцку!"
– Абасоуп ишыҟоу апоезиа, иара убасҵәҟьоуп ишыҟоу асахьаҭыхратә ҟазарагь. Аӡәгьы изкым, акгьы иазкым - зегьы ирызку, зегьы ирыцку. Иара адунеи ду иршазгьы, изшазгьы, иззишазгьы аӡәгьы издырӡом изызкыҵәҟьоу. Ҳара адгьылуаа, зегь ҳдыруашәа ҳцәажәоит, аха иаҳдыруа адунеи амасштабқәа рыла зынӡа имаҷуп. Аԥсуаа ҳтәы ҳгозар, урҭ амасштабқәа ирыдкылан иҳамоу адыррақәа зынӡа еиҳагьы еиҵоуп. Избанзар, адырра уаурц азы, адырра змоу ахьеилацәажәо анеира азин умазароуп. Уахь ус унарышьҭӡом. Ма, уи амҩа уқәзароуп. Аҟазара адунеи иадыруеит асахьаҭыхыҩцәа рацәаҩны. Аха убарҭ рыбжьара иҟоуп адунеи амаӡа иамадаз адыррақәа змаз, изаҳауаз еиҳа зымчу ибжьы. Убарҭ агеницәа дырхыԥхьаӡалоуп Леонардо да Винчи. Уи иҭыхымҭақәа ирыҵаҵәаху амаӡақәа раарԥшра даара аџьабаа дуӡӡа азырбахьеит аҵарауаа. Иҟоуп еилыркаахьоу, аха ирзеилымкаац рацәоуп. Ари зысҳәо, ҳара асахьаҭыхра ҳаналацәажәо, иҳармариоит, "асоцреализм" иаҳзыннажьыз аҟазшьақәа рыла ахә ҳшьарц ҳалагоит. Ареализм зыӡбаз зегь раԥхьа игылоуп абырзенқәа, урҭ зсахьа ҟарҵоз рынцәахәқәа ауаа иреиԥшны иҟарҵон, аха агипербола ацны. Ус иҟарымҵар ирыдыркылаӡомызт. Ирыдрымкылар, зегь рыцәхыбгалон. Аҳәынҭқаррагь аԥхьа инаргылан. Убри азоуп акоммунистцәагь, аҟазара ырҿаасҭан "Асоцреализм" ахьӡҵан аидеологиа зымҩаԥыргоз. Аха ахы азырҵабыргыма? Иахьа, асоцреализмгьы ыҟам, иҟам иара аидеологиа зыдҳәалаз аҳәынҭқарра ахаҭагьы. Аха шаҟа аԥхасҭа ҟанаҵазеи 70 шықәса рыҩнуҵҟа. Избанзар уи "антиискусство" ҳәа ззырҳәоз хырхарҭан. Аҟазареи анцәеи роуп еицәажәо, акоммунистцәа анцәа мап ицәыркит! Алогика абаҟоу?
Иҟоуп хырԥашьа змам адунеитә ԥышәа, уи ҳақәныҟәан, иреиӷьу агәҭылсақәа алхны, ҳхы иаҳархәалароуп. Убри ауп, сара рҵаҩык иаҳасабала иахьагьы сызхәаԥшуа. Хаҭала аҿар рҟынӡа иназго аинформациа даара сацклаԥшуеит. Исшәоит, иззоит. Избанзар, аҿар урҟьалар ҟалаӡом. Актәи ахыҵхырҭа шыҟоу, аҩбатәи, ахԥатәи ҿырԥштәыс иааугар ҟалаӡом. Усҟан аҿар урҟьалоит. Дарбанзаалак арҵаҩы есымша ихы аус адиулазароуп. Мамзар, ахәыҷқәа рахь дымнеир еиҳа еиӷьуп. Рыцҳарас иҟалаз адыррагь, агьама ҳаркгьы змоу ауаа зынӡа имаҷхеит. Урҭ рааӡараз акыр аамҭа аҭахуп. Убри ҳзынагӡозар ҳәа ҳаҿуп ауниверситет аҿы.
– Уара асахьаҭыхраҿ улшара шьардоуп, Аԥсны акультура аминистрс уаныҟазгьы, уи аԥхьагьы акыр арҿиамҭақәа аԥуҵеит ҳажәлар рдоуҳатә культура иалаӷьахьоу, ахааназ инхаша... Урҭ зегь реиқәыԥхьаӡара ара ҳзаламгаргьы, уара реиҳа ихадаратәу ҳәа иуԥхьаӡо урылацәажәар сҭахуп...
– Аҟазаратә рҿиамҭа иазкны Васили Кандински иҩуеит:
"Всякое произведение искусства – это вещь в себе. Это оригинальная вселенная, которая является полностью самодостаточной. Живопись есть искусство, и искусство в целом не есть бессмысленное созидание произведений, расплывающихся в пустоте, а целеустремленная сила; она призвана служить развитию и совершенствованию человеческой души". Кандински ишаҳбо еиԥш, ара дызлацәажәо зегьы ирыцкуп "аԥсы" амаҵ аура. Ауаҩы "иԥсы" амаҵ аура, иԥсы анҭоу анагӡара еиҳагьы иуадаҩуп, идунеи аниԥсахлак аасҭа. Адунеи ԥсахра иадҳәалоу, Аԥсы амаҵ аура, уи аритуал анагӡара ажәлар зегьы ирдыруеит. Уи хырԥашьа змам акы акәны иахәаԥшуеит. Зыԥсы ҭоу "Аԥсы" – ааӡара, аизырҳара, иҳаракны ахагалара, уи амаҵ аура даара ицәгьоуп. Уи зылшо анцәа иишаз алԥшаахқәа роуп. Убри аҟынтә еилаҳкаауазароуп - Аҟазара "функциас" иамоу, зегь раԥхьаӡа, зыԥсы ҭоу ауаҩы, "Иԥсы" аҳаракырахь анцәа изааигәан ахагалара шакәу.

Сара аҵыхәтәантәи аамҭаз иаԥысҵо арҿиамҭақәа, зых иақәиҭу, иҿаҳәам, ԥштәыла ихәмаруа, аха леишәа ӷәӷәала зконструкциа шьақәыргыло усумҭақәоуп уҳәар ауеит. Дара рызегь цқьа ургәылаԥшыр, апоезиатә музыка ашьҭа рхубаалоит. Акомпозициа - ари акыр аамҭа уара иузымдыруа уцәа иалоу нашаноуп, уи аниуа ишиуа аӡәгьы издырӡом. Убри аҟынтә араҟагь ҳара иаҳбоит, аҿыханҵатә ҟазара шаҟа имаӡоу, шаҟа Анцәа изааигәоу. Акомпозица аԥшаараҿ, сара исҭаху ацәаҳәа заҵәык ауп. Знык ацәаҳәа ананысҵанахыс, аԥштәқәа збоит! Урҭ мазеины схаҿы исымазшәа еишьҭагылан рҿаархоит. Уи, аӡәы исыҵеиҳәоушәа ауп ишааиуа. Ус анакәха, ари Анцәа иусоуп сара инасыгӡо. Уи мыцхәы салацәажәаргьы сҭахӡам. Иҟасҵо акыр иаԥсоу, иаԥсаму уигьы зыӡбо иара иоуп. Ауаатәыҩса иарҭо ахәшьара сара сзын акыр шаҵанакуагьы, уи акәӡам ихадоу, ихадоу - иара Анцәеи ауааи еимаздо доуҳатә цҳахәыҷык сзыхҵозар, убри ауп. Дарбанызаалак аҟаза адгьыл аҿы имоу анапынҵақәа зегьы иреиҳауп абри сызлацәажәаз Анцәеи ауааи реимадара азҵаара. Ари даҽа субстанциоуп.

– Нугзар, уара асахьаҭыхраҿ мацара акәӡам аус ахьууа, уи "иацноугоит" апоезиагьы!.. Микеланджело дуӡӡагьы ус дыҟан, зны-зынла "ԥсыршьагас" апоезиа дазыхынҳәуан, иаԥиҵахьан аҩымҭа ссирқәа!.. Уаргьы уажәеинраала бзиақәа ажурнал "Алашараҿ" иаҳкьыԥхьхьеит, уимоу, иҭыҵхьеит урҭ еидызкыло ушәҟәгьы!.. Ишԥаҟоу, " ишԥеицынхо" урҭ ҟазак идунеи аҩнуҵҟа, ҩ-ҟазарак, акы анцәырҵуа, егьи "еиқәышьшьы" итәоума, мамзаргьы "еицхыраауоу?!"
– Араҟа исызуаҳәом, асахьаҭыхра ахьынҵәо, апоезиа ахьалаго атәы. Апоезиа сара сзы, сахьала исзымҳәо, гәыҵхак аазырԥшуа ҭагылазаашьоуп. Ажәа аҟара амч змоу арбан?! Анцәа иаҳзишаз - Ажәа! Насгьы изакәытә бызшәа ссирузеи – ҳаԥсшәа! Аԥсышәала санцәажәо, ма саныҩуа, убасҟан ауп сара схаҭәаан уаҩҵас схы збо саналаго. Ахатәы бызшәа аԥсабараҿ инанагӡо афункциақәа ируакуп иара зхатәу ауаҩы ихьчара. Абызшәа аҟара ауаҩы дзыхьчо акагь ыҟаӡам. Насгьы абызшәа иара ахәышҭаара илҵны илитературатә бызшәаны ианыҟала, уи милаҭ бызшәахоит.
Ҳара ҳбызшәа иазымҳәо, иазышьҭымхуа уадаҩра ыҟаӡам. Шаҟа шьҭнахзеи аԥсуа литература шәышықәсак рыбжьара?! Аԥсуа ҩыреи аԥсуа литературеи роуп ҳмилаҭ еидызкылаз, изырӷәӷәаз, рыхдырра шьҭызхыз, аҳәынҭқарра аҟаҵара аҟынӡа азин роуртә иҟазҵаз. Иазгәаҭатәуп, традициа дук уи аганахь измамыз амилаҭ хәыҷ рлитература уацәыԥхамшьо егьырҭ ажәлар дуқәа иаарываҟәало, уимоу ҭыԥқәак рҿы иаарылыҳәҳәо ишаарылагылаз. Ари, ҳажәлар рбаҩхатәра ҷыдақәа ируаку феноменуп. Иара убасоуп асахьаҭыхраҿгьы.
Сара ажәеинраалақәа изыҩуа сҟазара иахәҭакуп. Изыԥсоу ҳәа егьыҟамзаргьы, уи сара сбызшәоуп.
Иҟан аамҭақәак ҳара ҳбызшәа аушәақә аҩны ианахыз. Ианхыршьаауаз, ианырҿаҟәоз… Урҭ аамҭеиқәаҵәақәа рыҭӡамц ҳалсны иҟаҳҵалак ахақәиҭра ҳхы ианаҳҭа, ҳнапала ихаҳшьаауа ҳалагеит ҳбызшәа. Ари ишәарҭоу мҩоуп…
Абраҟа исгәаласыршәоит убри аҭӡамц еиқәаҵәа иалаҳгаз ҳбызшәа иазку жәеинраалак:
Сара салсуеит аамҭа ҩашьа,
Сагәылсуеит еиқәаҵәоу аҭӡы.
Саҿуп ашьшьыҳәа агәашәқәа раартра,
Игәхьааго ицәаӷәам адәы.
Сара схынҳәит, арахь сыҩныҟа,
Сгәаҵа хьаала ирыӷӷаны,
Наҟ иааныжьны атәым жәҩан аҵа,
Гәыӷра ԥхаррала сыҭәны.
Схынҳәит избан, сабаҟаз уаанӡа,
Сигазма аӡәыр нас, сыҭҟәаны,
Мамзаргьы сыҟазу сыҩны ашҭаҿ,
Аушәақә саԥшәыман, стәымуаҩны.
Сара схынҳәит, арахь сыҩныҟа,
Иҿыцу сымаҭәа ӡахны.
Еиқәысҵоит амца, сԥацха аҩнуҵҟа,
Схәышҭаара абызшәа хыркны.
Инымҵәо ԥхыӡуп аамҭа шана,
Еиужьу ԥсҭазаароуп адәы.
Ианысҵоит ацәшьхәа, сара схала,
Ажә ааныжьуа, аҿазы.
Сара салсуеит, аамҭа шана,
Сагәылсуеит еиқәаҵәоу аҭӡы,
Сыбжьаҩашьа хабжьаҟьалан
Сҟамларцаз уаҳа, даҽазны".
Аԥсны
Аҟаза изы ажәа: Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит ААУ аҟны
– Нугзар, уара Аԥсны аинтеллигенциа реидгыла ҳәа ҵыԥхцәа аахыс иаԥҵоу аиҿкаара бзиа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ уоуп. Уаҟа шәара ҳажәлар ирзааигәоу азҵаара дуқәа ықәшәыргылоит: аполитика, адемографиа, абызшәа, аҟазара уҳәа ирацәаны. Ааигәа шәеилатәараны шәыҟоума, насгьы иарбан зҵаарахо уаҟа иқәгыло?!
– Ахаангьы Аԥсны алахьынҵа зыӡбоз аԥсуа ҵарауаа, аинтеллигенциа ракәын. Аинтеллигенциа ражәа ҳәынҭқаррас иҟоу зегьы рҿы иахьазымӡырыҩуа ыҟаӡам. Европаа "елита" рҳәоит, ҳара - аинтеллигенциа. Аинтеллигенциа ажәа злымҳа знархьуа ачынуаа рацәаҩхеит иахьа, еиҳарак иџьоушьаша, ачынуаа ҿарацәа. Абжеиҳараҩык Аԥсны акәымкәа абнахь џьара иааӡазшәоуп ишыҟоу. Аказы урҭааргьы, рыла ҵырхәны, хаарак рыҵаӡамкәа "рпижонра" раԥхьа иргылан иаауԥылоит. Иаразнак иудырдыруеит "ишуаа дуқәоу". Абызшәа атәы уи усгьы иудыруа ауп, уи аҳәара иаҟәыҵхьеит, ԥсышәала ацәажәара уацәыԥхашьо аҭагылазаашьа ҟарҵоит. Ари прогрессу, идегродациоу? Аҭак еилкаауп.
Абас иҟоу апроблемақәа хырҩа шырзаҳуаз, еиқәылаз рацәахеит. Убарҭқәа зегь ҳрызхәыцны, издыруада, даҽазнык амилаҭ хдырра рҿыхатәызар ҳәа иԥхьаӡаны аинтеллигенциа рхеидкыла ҟаҳҵарц напы аҳаркит. Ари ахеилак ҩышықәса рыбжьара рацәак аҽцәырымгаӡакәа, ҩышықәса ирылагӡан акыр проблематикатә зҵаарақәа цәырнагахьеит. Ахеилак иалоуп иарбанзаалак азҵаара ҵарадыррала аҭак ҟазҵаша ауаа. Зегь раԥхьаӡа, ахеилак иқәнаргыло азҵаарақәа иреиуоуп; акультуреи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, адемографиеи реиԥш иҟақәоу хра злоу азҵаарақәа. Ҳәарас иаҭахузеи, иара убас, ианаҭаху аамҭаз, аполитикаҿгьы ҳхатә гәаанагара аартны иаҳҳәоит.
Имҩаԥаҳгоит иарку акыр аиԥыларақәа.
Ҳара ҳрыҿцәажәоит аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа реиԥш, аоппозициахь иҟоу ауаагьы. Ҳара ҳхықәкы - иреиӷьу амчқәа еидкыланы аҳәынҭқарра иацхраауа аҟаҵароуп. Аиԥыларақәеи аконсультациақәа имҩаԥаҳгои иалахәу зегьы иргәаԥхоит, избанзар, агәреибагара зыбжьоу иаарту ацәажәара принципс иаҵоуп. Ус иаарту ацәажәарақәеи, агәреибагарақәеи ыҟамкәа ҳара иҳалшаӡом аҳәынҭқарра ԥхьаҟа агара.
Аконференциақәа акыр ҳрылахәхьеит. Аԥхьаҟагь иазгәаҭоу рацәоуп. Сгәы иаанагоит атрадициақәеи иахьатәи аамҭа ицәырнаго апроблемақәеи ирызкны инарҭбаау аконференциа ҟалоит ҳәа. Убас мшын нырцәи, нхыҵ инхо ҳашьцәеи ҳареи ҳкультуратә еибабарақәа ирызку аилатәарақәа рымҩаԥгара. Зегьы еилаҳкаароуп, иахьа даара ишәарҭоу даҽа аамҭак ашә ҳшылагылоу. Ишаҭаху агәаҽанызаара, аҽеидкылара, аизыӡырыҩра. Аинтеллигенциа абри аганахьала ирылшо рацәоуп. Аха абри аусура ишаҳнарбаз ала, даара иара ҳара ҳаҩнуҵҟагь ҳуашәшәыроуп. Ирацәаҩуп аамҭа еихнашаз. Аха уи ҳаиааироуп.
– Аҵыхәтәан, ҳаицәажәара хыркәшо, Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит иахьа абас инарҭбааны ҳаицәажәара азы. Сара агәра згоит асахьаҭыхраҿгьы, алитератураҿгьы ҳара наҟ-наҟ ҳзеигәырӷьаша аҿар шгыло, амала урҭ иахьа аԥсҭазаараҿы ирԥыло ауадаҩрақәа ириааиртә аҭагылазаашьа ҳзырзаԥҵар... Зегь раԥхьа иргылан аус злоу ҳдоуҳатә культураҿы шәара шәабиԥара ишьҭашәҵаз ауасхыр ӷәгәоуп, иацызҵаша, еихазҳаша рус шәырманшәалеит!.. Иҿымцәааит ҳаԥсуа ҟазара, ҳкультура, ҳбызшәа, урҭ иреиҳау мал ҳамаӡам ҳара. Ҳашьҭахь иааиуа абиԥара убри убас шакәу ибзиан ианазхәыцлак, амалгьы шәарҭахаӡом, уи иара акультура иацхраауа, амаҵ ауа иҟалоит... Аурыс шәҟәыҩҩы дуӡӡа Лев Толстои ишиҳәаз угәаламшәо: "Адунеи еиқәыбгаргьы егьаурым, амала ирыцҳахо акультура ауп!.." Ҳажәлар ркультура рыцнаҵы ацха иагәылагылоу асаранџь цқьа иаҩызоуп, раҳаҭыр есымша иаҳракхоит!..