Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - I ахәҭа

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааХудожник Нугзар Логуа
Художник Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2024
Анапаҵаҩра
Ҳаԥсуа ҟазараҿы, еиҳарак асахьаҭыхраҿы, аҵыхәтәантәи аҩынҩажәижәаба шықәса рыҩнуҵҟа даара ҳзеигәырӷьаша ахьыӡқәа цәырҵхьеит. Урҭ абаҩхатәра ахьрымоу анаҩсгьы ҵаралагьы еиқәшәоуп, адунеитә сахьаҭыхыҩцәа иаԥырҵахьоу ашедеврқәа зегьы рдыруеит, иҭырҵаахьеит, уи ауасхар ӷәӷәа иқәдыргылеит дара рбаҩхатәра иахылҵыз рырҿиамҭақәагьы.
Сара урҭ аӡәырҩы срыҿцәажәахьеит, издыруеит алитературазы, абызшәазы, инеизакны ҳдоуҳатә культура зегьы азы ргәаанагарақәа, рхәыцшьа. Уимоу, ҳполитикахьы ирымоу ргәаанагарақәагьы, "рхышәқәа" сыгәра ганы исзаадыртуеит, сара сзы уи акраанагоит, избанзар, аԥсуа ҟазауаҩ ахаангьы иҟазара мацара иҽаҭаны, ижәлар рыԥсҭазаашьа дазымхәыцкәа, хьаас имамкәа, дамбылуа дҟамлаӡацт.
Акыр ҵуан сара ҳсахьаҭыхҩы бзиа Нугзар Логәуа сиҿцәажәарц сҭахызижьҭеи, аха иареи сареи есымша акака ҳархыргон, зны Аԥсны Аҳәынҭқарратә маҵура дуқәа анныҟәигоз иара деилахан, зны сара гәҭынчрак ԥшааны арҿиарауаҩ иҿцәажәаразы сҽахьысзеиқәмыршәоз иахарахон… Аԥышәа змоу ажурналистцәа ирзымариоуп ажәа ахы акра, ацәажәара алагара, аха сара акәты аҵарҭа змауз еиԥш, акыр "сгәаџьроуп" сзыҿцәажәарц исҭаху ауаҩы исҭаран иҟоу азҵаарақәа "реилаҳәаразы", реибыҭаразы, рышьақәыргыларазы. Уи знык ахы анысклак, нас акәаркәашь арахәыц ананыҵуа еиԥш, аффаҳәа аҿынанахоит!.. Аха уанӡа инагатәуп, уи "ақәаб" еиларштәуп, агәара-гәараҳәа ианеиқәылалак, нас уи "амца" уҽҳәатәаны уҽшурыԥхо, иузгәамҭаӡакәа гәыкалатәи уеиҿцәажәарагьы аанҵәоит.
Аха Нугзар иҿы еиҳа исзымариан аиҿцәажәара, избанзар, асахьаҭыхраҿы исҭоз азҵаарақәа "ршьамхқәа кәадахо" ианалагалак, иаразнак апоезиахь диазгон, уаҟа "алаба ивакырҭа" аҭыԥқәа здыруан, иаргьы уаҟа тәымуаҩра ҟаиҵаӡомызт, арҵаҩ бзиа иеиԥш, "сахьаҿахоз" иблақәа рыла исыҵеиҳәон. Ажәак ала, иареи сареи ҳқыҭаҿ игылоу ҷлоутәи аџьҵла ду ҳамҵатәоушәа, гәатабӷаталатәи ҳаиҿцәажәара ахы ҳкит абас:
– Нугзар, уара аҭаацәара ду, аҭаацәара бзиа уалҵит. Уани уаби ирааӡеит фҩык ахшара. Уаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа деибганы далҵит, Очамчыра араион аҿы даара хьӡи ԥшеи змаз, зцәажәареи зыуаҩреи рзы пату ду зқәыз уаҩын. Насгьы рҵаҩ бзиаӡан, Ҷлоу ақыҭан Аимара аҳаблан ихарҭәаамыз ашкол аҿы рҵаҩыс дыҟан, аҿар рацәаҩны инапы иҵыҵхьан, иааӡахьан. Сара изҳәоугьы раԥхьаӡатәи сырҵаҩ иакәын, раԥхьатәи сшьаҿақәа иреигәырӷьоз, исықәныҳәан амҩа сықәызҵаз дреиуоуп!.. Ишԥоугәалашәо уара ухәыҷра ашықәсқәа, уқыҭа гәакьа Ҷлоу, амҵәыжәҩақәа узҭаз уатәи аԥсабара ԥшӡа?!
– Анатоли, уара ишазгәауҭаз еиԥш, сара сиит, исызҳаит арҵаҩы иҭаацәараҿы. Саб жәибжь шықәса ракәын ихыҵуаз Аҟәатәи арҵаҩратә училишье далган Ҷлоу, Аимара 8-шықәсатәи ашколахь рҵаҩыс данынарышьҭуаз. Уара ишуҳәаз еиԥш, иара есымшагьы дрылагәдуун иааӡамҭацәа. Урҭ иреиуоуп Аԥсны жәлар рартист, ашәҟәыҩҩы, адраматург Рушьни Џьапуа, Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор, ажурналист Хәыта Џьапуа реиԥш иҟақәаз. Ара уаргьы иуҳәеит иара иҵаҩцәа ушреиуаз. Сара иҭабуп ҳәа уасҳәоит раԥхьатәи ушьаҿа анеихугоз аҩреи аԥхьареи узырҵаз урҵаҩы дахьухоумыршҭуа. Иара шаҟа дузыгәдуны дулаҽхәоз сара исгәалашәоит.
Ишудыруа еиԥш, ақыҭарҵаҩы иџьабаа еиҳагьы ҩынтәны иацлоит. Анхареи, арҵаҩреи реилагӡара даара ицәгьоуп. Исгәалашәоит, уаха шаанӡа агаз лампа аркны аурокқәа иҽшырзыҟаиҵоз, атетрадқәа шириашоз. Арахь, анеиааи згымыз ҳаҩны есымша аӡә данаҳҭамыз ыҟамызт. Аха, иара убарҭгьы зегьы дрыхьӡаны, ргәы ҟаҵаны инаскьеигалар акәын. Ажәытә ауацәа хара иҟаз уабара ҳәа иаауан. Урҭ, зегьы ианреиҵаха, ҩаха-ҩымш иуҭазаауан. Зегьы ишақәнагоу иубар акәын. Сани, сандуи ракәзар, урҭ ҽынлатәи рџьабаа азымхозшәа иааиуа зегьы рхәы-рыԥхь ҟаҵаны, ацәашьеиԥш ирхаҵгылан. Ҳара ҳакәзар, фҩык ахшара ҳаҟан. Хәҩык аԥацәеи ԥҳаки. Изакәытә барақьаҭрааз, анаџьалбеит… Ҳашҿыцынхацәазгьы, абна ылырхаан инхарц иаҿыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду зхыганы иаахьаз арҵаҩы иҩны есымшагь аԥсыуала еибаркыз аԥсҭазаара еилашуан. Ахшара рыбжьара сара сгәыбжьанытәын, ахԥатәи аҷкәын сакәын.
Ашкол сҭалаанӡа сашьцәа аиҳабацәеи агәылахәыҷқәеи ҳанеицыхәмаруаз, лассы-лассы анышәаԥшь иалхны еиуеиԥшым асахьақәа ҟаҳҵалон. Аԥсаатәқәа, аԥстәқәа зҳәаз еиԥш. Аха нас ҳашнеи-шнеиуаз сашьеиҳаб Нодар ашкол ахь данца, аҩбатәи ахԥатәи акласс аҿы днеихьан еиԥш, акарандашь ала аҭыхра далагеит. Еиҳарак, ашәҟәқәеи, ажурналқәеи ирнылоз асахьақәа дрыхәаԥшны иҟаиҵон, иагьиқәҿион. Саргьы уи сицклаԥшны убасшәа акы салагақәеит, аха иара исырбаӡомызт, дысхыччар ҳәа сшәаны. Анаҩсан, ахԥатәи-аԥшьбатәи акласс шыҟоу саннеи, еиҳа саланахало салагеит. Уажәшьҭа иҭысхуазгьы сацәыԥхамшьакәа сабгьы, сашьагьы идсырбо салагеит. Саб уи даара исыдирҽхәалон. Анаҩс, иара иоуп зегь раԥхьаӡа амаҭәар ықәыргыланы уахәашны иҭухлароуп ҳәа сазҳәаз. (Ажәа анатиурморт захьӡыз сыздырӡомызт). Исгәалашәоит, ҳжәытә мҿтәы ҟәардә насҭха иргыланы аҭыхшьа анысирбоз. Убасҟаноуп сара раԥхьаӡа акәны амаҭәар ахышәара-ҵышәаратә хәҭақәа еихшьалан, еиҿырԥшны ахәаԥшра шаҭахыз еилыскаауа саналагаз... (Амаҭәар апропорциақәа). Урҭ раԥхьатәи аурокқәа иахьагьы мшаҽнеиԥш сыбла ихгылоуп. Сыбла ихгылоуп, иара ҳмаҵурҭа хәыҷ ацәыҵлашьцаара аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа, уск-уск ирҿыз аҭаацәа зегьы уажәы-уажәы рҽахаршәалан сара сызҿыз аҭыхра шаҟа зҿлымҳара арҭоз. Изакәытә ԥхарраз иахылҵуаз уи ҳхәышҭаара амца хәыҷ… Баша ирҳәаӡом, зегьы ахәыҷра аҟынтәоуп иахьынтәалаго ҳәа. Сара иахьагьы уи ахәыҷра азыгьежьроуп аԥхарра сылазҵо. Уаатәи ауаа, аԥсабара, аҳауа, аӡы, арахә-ашәахә, ахәышҭаара, зегьы инымҵәаӡо агәыблыреи амчи сыларҵоит. Урҭ, дареи сареи иахьагьы ҳаицуп. Нас уара иудыруеит ҳара ҳахьынхо иҟоуп ӡиас хәыҷык Дәаб ҳәа. Абри аӡиас хәыҷ бжьааԥны ахьхьаҳәа аҳабла ҭырцәажәаауа инеиуа, амшцәгьақәа раан агыгцә ргылан ихарзаманха аҿаанахоит. Ари аԥсабаратә цәаҩа ҟазшьа саргьы исыланаҵеит ҳәа сыҟоуп. Абжьааԥны ихааӡа иҟоу, аха ҳаӷеимшхара иқәнагамкәа тәамбашақә ауаҩы дсацәажәарц даналага, Дәаб саҩызахоит. Усҟан дарбанызаалак истатусгьы сахәаԥшӡом… Ҳәарас иаҭахузеи, ауаҩра иацназго акыр ҟалараны иҟоума. Ауаҩра афилософиа зегьы сара сызлиааз сҭаацәеи, иаасыкәыршан иҟаз ауааи исыларааӡаз хымҩаԥгашьоуп.
Хра злоу ахҭысқәа: Логәуа актуалра зцу Аԥсны акультура азҵаатәқәа ирызкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Логәуа актуалра зцу Аԥсны акультура азҵаатәқәа ирызкны
Изакәытә философцәа дуқәааз ҳқыҭаҿ инхоз ахацәа нагақәа, абыргцәа. Ишырҳәоз еиԥш, урҭ абаҩԥҵәа еиԥызшьуаз уаан… Дәаб акәзар, сара сырҿиара зегьы убрантә иалагоит уҳәар ауеит. Ӡынгьы-ԥхынгьы уи аԥшаҳәа саван, исыԥшаауан еиуеиԥшым асахьақәа рынаурқәа знубаалоз амҿқәа, ахаҳәқәа. Абри аԥшаҳәаҿоуп асахьыҭыхҩы, аскульптор иахь Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәау ахьӡ ду зыхҵоу Д.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Амиран Адлеибеи сареи ҳахьеибадырыз. Иара аӡнырцә дынхон, сара аарцә Дәаб арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы. Иара шықәсқәак дсеиҳабын, сицәыԥхашьон, ашкол аҿы иара "дсахьаҭыхҩуп" ҳәа дрыԥхьаӡон, анышәаԥшь иалхны аԥсуа поетцәа рсахьақәа ҟаиҵон. Ажәакала, иаргьы саргьы абри аԥшаҳәаҿы даара акыр аинтерес зҵаз "ацәыргақәҵақәа" еиҿаҳкаахьан. Ахаҳә, асып, амҿы ирылхны.
Ажәабатәи акласс аҿы стәан, иара аучилишье дҭалахьан (дыпрофессорхахьан!) аԥхын ԥсшьарамшқәа ирылагӡан, Дәаб асыпра ҳәа цаҟьа дук ыҟан, абра ҳаиндаҭлан, ацаҟьа ҭаԥыҟҟаны, ирацәаны асахьақәа анаҳҵеит, профессионал бызшәала иуҳәозар, агорелиефқәеи абарелиефқәеи. Аха зегь реиҳа иналукаашаз иара Дырмит Гәлиа ипортреҭ ҟаиҵеит, ҩбаҟа метра ашьхынгылара аҭан, сара зцәа хту аԥҳәызба лсахьа анатура иазааигәан ауранаӡак инаӡо иҟасҵеит. Ари збаз ақыҭауаа "алалабатә" иаҭаауа иалагеит. Зегь раԥхьаӡатәи "ҳгид", ҳӡыргаҩ, ақыҭа "апочталион" Шугьан Џьынџьал иакәын. Уи уара дугәылан, Аимара дынхон. Иара джәабжьҳәаҩ бзиан, зыхшыҩ ҵарыз, абзиа збар еигәырӷьоз уаҩын. Аха, ҽнак ҳааизар, ҳсахьақәа зегьы ԥыххааса ахаҳә иарганы икажьуп. Егьи цәҟьарас иҟаҵаны, еицлабны ахаҳә агәыдырҵозаарын ҳҩызцәа! Даара ҳгәы иалсит, аха иааг, урҭгьы дара ртәала ихәмаруан. Иара убра иагьынҵәоит Дәаб аԥшаҳәа иадҳәалаз ҳхәыҷра апериодгьы.
Ашкол санҭаз, саалгаанӡа даара ирацәаны сҭыхуан. Сҭыхымҭақәа ашкол акоридор аҭӡамқәа рҿы икнаҳан. Ҳара ҳакласс аудиториаҿ ихшьын, аабатәи акласс аҿы сантәаз иҭысхыз Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" аҟынтәи Камаҷыҷ Ҭаҭласҭан данылшьуазтәи аиҿахысра асцена. Уи ҿырԥшыгас иҟарҵон арҵаҩцәа зегьы. Ҳдиректор Спиридон Дырмит-иԥа Адлеиба даара ҽхәаԥхьыӡла иҳаракны далацәажәон. Уи, ҳәарас иаҭахузеи, сара сгәы ҟанаҵон, сызҿу асахьаҭыхра, издыруада, акы иаԥсаҵәҟьазар ҟалап ҳәа агәыӷра снаҭон. Сара усҟан исыздырӡомызт ари аус шаҟа уадаҩра саԥхьаҟа ицәырнагаран иҟаз… Аха, егьа уадаҩра ыҟазаргь, урҭ зегьы ириааиуа даҽа мчы маӡак есымша исыхан ԥхьаҟа сагон. Усоуп иара иахьагьы.
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2024
Аԥсны
Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит: Амиран Адлеиба иҿцәажәара
– Уара Ҷлоутәи абжьаратә школ уаналга, ухы абаурхеи, усҟан иҟазма Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишье, мамзаргьы ушиашаз Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа уҭалоу?! Усҟан Академиа аҭаларагьы даара ицәгьан, урҭ усҟангьы дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа даараӡак ибзиаӡамызт аха, уи аҵараиурҭаҿы арҵаҩцәа бзиаӡақәа рыман, ҳаԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рабиԥарақәа маҷҩымкәа ирааӡеит...
Қарҭ Асахьаҭыхратә академиа уаналга, иаразнак арҵаҩратә усура уҽазукма, мамзаргьы инеиԥынкыланы асахьаҭыхра уалагоу?! Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит, уи ахҭыс ссир асахьаҭыхҩы Амиран Адлебеи сареи ҳаиҿцәажәараҿгьы ҳалацәажәеит, шәара шәҩыџьагьы шәахьынхо аҭыԥ инахыкны, Дәаб аӡиас ахықәан асыпра иалхны иҟашәҵоз хыԥхьаӡара рацәала аскульптурақәа. Уахь уи ахәаԥшразы Очамчыра араион иаҵанакуаз ақыҭақәа рҟынтәи ауаа маҷымкәа инеиуан, уи агалереиа еиԥш иаҭаауан. Иҟалап, шәара уи раԥхьаӡатәи " шәцәыргақәҵа" акәызҭгьы?!
– Ашкол салгоит 1973 шықәса азы. Иара убри ашықәсан сагьҭалоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Араҟа исықәшәоит арҵаҩцәа бзиақәа, Қарҭтәи академиа аушьҭымҭацәа. Раԥхьатәи сырҵаҩцәа аҿыханҵа сызҭоз иреиуоп Виссарион Ҵәыџьбеи Александр Когани. Ҩышықәса ааҵхьаны Асовет аррамаҵурахьы исыԥхьеит. Аррамаҵура схызгон Буриатиатәи Автономтә республика аҩнуҵҟа. Аррамаҵура иахаршәалан ҳархәҭа аполк аҿы сахьаҭыхҩы хадас сыҟан. Ирацәоуп уи аԥышәагь иснаҭаз. Азамполит идҵала хазы игаз аҟазарҭа сыҭан. Снапаҵаҟа аус руан быжьҩык рҟынӡа асахьаҭыхыҩцәа, "оформительцәа". Ирацәан даара иҟаҳҵоз адҩылақәеи аплакатқәеи. Аха сара сзын зегь реиҳа аҵанакуан уаҟа афицарцәа рхәыҷқәа рзын еиҿыскааз асахьаҭыхратә студиа. Ари астудиахь иныҟәон 16-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа. Уи даара саргьы саҳаҭыр шьҭнахуан. Акырынтә аҽхәаԥхьыӡқәа сырҭахьан. Уи схы иархәан иара уа еиҿыскааит хәылбыҽхалатәи астудиа, анатурала асахьаҭыхра. Иҟалалон афицарцәа рыҳәсақәа рпортреҭқәа анҭысхлозгьы… Ажәакала, урҭ ашықәсқәагь баша исмырӡӡеит.
Аррантә саныхынҳә, сҵара иацысҵоит Аҟәатәи аучилишье аҿы. 1979 шықәса азы ари аҵараиурҭа саналга, Қарҭтәи Асахьаҭыхратә академиа аҭалараз сцоит. Аԥышәарақәа рҿы карандашьла аҭыхраҿ зцәа хтыз ахаҵа исахьа аҭыхраз "хәба" сзықәдыргылеит. Аха анаҩс, џьоук реиҵаҟәаҟәа иахырҟьаны, аҿыханҵаҿ "ихәарҭам" ахәшьара сзықәдыргылеит… Изыхҟьазаалакгьы, уи ашықәсан сызҭамлаӡакәа схынҳәуеит, уаҳа ахаан уахь сшымцо ҳәа сгәы иҭакны. Схынҳәуеит сқыҭа гәакьахь, Ҷлоуҟа. Ҩышықәса ашкол аҿы асахьаҭыхра рызҭоз рҵаҩыс аус зуан. Ари апериод сара сзын акры аҵанакуеит, избанзар даара ирацәаны аџьабаа збеит абарҭ ашықәсқәа ирылагӡан. Уахгьы-ҽынгьы ааԥсарак сыздырӡомызт. Ашьыжь идәылҵуаз, уаха аҵхыбжьон зны аҩны сааины схы нықәысҵон. Иҟаз уиоуп, ашкол аҿы аусура сааҭк мчыбжьык асахьаҭыхра иазыԥҵәаз ала акагь узыԥсахӡомызт. Сара салагеит Акультуратә хан аҿы астудиа аиҿкаара. Усҟантәи адиректор Џьон Канстантин-иԥа Ануеи сареи даара ибзиан ҳаилибакаауан, иара дагьырҵаҩын, алитература даԥхьон, убри аҟынтә иеилкаара ҳаракын. Саргьы акы змыҩқәози, ҳаилибакаауан. Абри аамҭаз, иаргьы саргьы иҵегь иҳарҭбаауеит Акультуратә ҩны аҩнуҵҟа аусура. Сара уахь саннеиуаз, уа абиблиотека ада акагь ыҟаӡамызт. Сара ҩышықәса сыҟан, санцоз, ари аҩнаҿы аус руан асахьаҭыхратә школи (адиректор Беслан Лагәуа) ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Ашарккара" захьӡызи (анапхгаҩы Валери Берулаа, "Шьараҭын" акәашаҩ), амузыкатә школ (адиректор Марина Акаба), абыргцәа рфольклортә ансамбль "Шьардаамҭа" (анапхгаҩы Давид Ҵәыџьба), уҳәа ирацәаны аиҿкаарақәа.
Логәуа еиҭеиҳәеит Аԥсуа культура ашәарҭареи уи ашәарҭадара иаԥырхагоуи ҳәа иаликаауа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2023
Аԥсны
Логәуа еиҭеиҳәеит Аԥсуа культура ашәарҭареи уи ашәарҭадара иаԥырхагоуи ҳәа иаликаауа ртәы
Ақыҭаҿ имҩаԥыргоз аныҳәа дуқәа рҿы иаларгалартә иҟасҵоит аԥсуа милаҭ хәмаррақәа - аимҵакьача, ахаҳәырԥара, алабашьа аршәра, қәсырԥа реиԥш иҟақәаз. Ақыҭа анапхгарагь уи иадгылеит. Убарҭ ашықәсқәа рзоуп Мықә ашҭа – аныҳәа амҩаԥгара азҵаара анцәырҵуагьы. Ишыҟалаз усоуп, сара исҭаххеит Лыхнашҭеиԥш амилаҭ ныҳәа, амилаҭ хәмаррақәа алаҵан, ҳара ҳқыҭа ду Ҷлоу амҩаԥгара, ари ақыҭа Баграт Шьынқәба ду иқыҭа ауп ҳәа иԥхьаӡаны. Аха ари азҵаара араион анапхгара ақәыршаҳаҭтәын, уимоу иара Аԥсны аиҳабырагь. Убри аҟынтә, сара зегь раасҭа зыгәра згоз, Очымчыра араион усҟантәи Акультура аҟәша еиҳабыз Радион (Кури) Акәын-иԥа Ҵәыџьба иҟны салацәажәеит. Кури, ишудыруа еиԥш, дпатриот дуун, иаразнак ари аидеиа амца ицранаҵеит, агәрагьы сиргеит гәахәарыла дшахаҵгыло ала. Уи анаҩс, Ҷлоунтәи аделегациа сыман Баграт Шьынқәба иҿы Аҟәа ҳаауеит. Баграт Уасил-иԥа даара агәахәара инаҭеит ари аидеиа изнаҳгаз. Акыраамҭагь акыр усқәа ҳрылацәажәон. Аха, Баграт ҳгәы ҳамыргакәа дипломат бызшәала иҳаиҳәеит, ари аҩыза аныҳәа ҳраионаз аҵакы ду змоу, традициала амҩаԥгара ахьахәҭоу – Мықә ашҭаҿы ауп ҳәа. Сара уи сҭахымхеит. Сыҷкәынамзи, саацакын ус иасҳәеит: "Мықәаа абзеиара рзыҟалааит, аха Баграт Шьынқәба иқыҭа Ҷлоу ауп", - ҳәа. Баграт уи игәы ишахәаз убон, аха дааԥышәырччан ус иҳәеит: "Иуҳәаз саҳаит, арԥыс, сгәы иахәоит абас умилаҭ рзы амца ахьуцроу, аха, ари азҵаара даара иазхәыцтәуп, убри азы, иҵегь ааҵарауаа адгалатәуп, убри сара схахьы изгоит", - ҳәагьы нациҵеит. Уи инақәырццакны, Курии Аполлон Шьынқәбеи аицәажәара рыман. Аполлон ари аидеиа даара игәаԥханы дадгылеит. Ашьҭахь Иура Аргәыни иареи еицны еиҭа Баграт иҿы иҟан. Аныҳәа асценари зегьы Иуреи Аполлони рнапы иҵырхит. Ажәакала, "сныҳәа" Мықә ашҭахь ииаган. Сгәы иаанагоит ииашангьы иҟарҵеит ҳәа. Убасҟан Баграти сареи ҳанеицәажәоз, Ҷлоу аетнографиатә музеи аҟаҵарагь ҳалацәажәеит. Аусгьы хацҳаркит. Аха сара аҵарахьы санца ишакәхалакгьы уи зыҟамлеит.
Сара, убарҭқәа зегьы реиҿкаарақәа рнаҩс, схатәы сахьақәа аус рыдулара саҿын. Иара уа, Акультуратә хан афоие аҿы, саҿын акыр зшәага-зага дууз аҿыханҵатә сахьа 700 Х 320 см инаӡоз. Асахьа аескиз алоуп Аучилишье сызлалгаз адипломтә усумҭа. Иахьӡын "Афырхаҵа иԥсҵәыуара". Ари даара ихьанҭаз теман сара сзы, аха хышықәсатәи сусура даара аԥышәа ду снаҭеит. Стильла, форматә шьақәгылашьала иззаигәаз заатәи ренессанс ахаҭарнакцәа Джоттои Маззачои роуп. Урҭ рыфрескатә ҩырақәа, рформа ҳара аԥсуаа даара иаҳзааигәан сахәаԥшуеит. Аха, колоритла еиҳа Ель-Греко сыҽидысҵон. Ель-Греко сара даара бзиа избо сахьаҭыхҩуп. Уи исахьақәа ҽаӡәы иламҩашьо амистикатә ҟазшьа рымоуп. Аԥсуаа ҳхәыцшьа, ҳмистикатә дунеи, ҳмифқәа, ҳлакәқәа ишьақәдыргыло аколорит даара иазааигәоуп. Ари аусумҭа ибахьан санаҿыз аҵарауаҩ, аетнограф Иура Аргәын, даарагь иџьашьаны дахцәажәон. Иаргьы саргьы нас ари атемала акыр ҳцәажәон. Асахьа иаанарԥшуан ажәытә аԥсуа хаҵа инарцәымҩахь данынаскьаргозтәи асцена. Ара ахәаԥшҩы ибон аџьабара иалагылаз ргылашьа аформа, досу дахьгылоз иамаз аҵакы. Убас аџьабараҿы ашьапхтра шыҟаз аанарԥшуан. Аҽы шықәдыргылоз, аҳәса ракәзар, хазы ргылара, уи иацу акәама-ҵамақәа уҳәа, аԥсуаа ҳаԥсҵәыура иаҵанакуаз зегьы. Ахыркәшарахь саннеиуаз аамҭаз, еиҳа-еиҳа еилыскаауа салагеит ари еиԥш иҟоу аусумҭа ду аԥҵаразы исымоу аҵаратә зыҟаҵара шазымхоз. Убасҟан ауп, уаанӡа мап зцәыскхьаз академиа аҭалара саназыхынҳә.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааНугзар Логәуа
Художник Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2024
Нугзар Логәуа
Академиа сҭалоит Ҷлоутәи апериод хыркәшан 1981 шықәса рзы. Академиа иснаҭаз даара ирацәоуп. Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа СССР иаарылыҳәҳәоз ҵараиурҭан. Уа аус руан еицырдыруаз аҟазацәа дуқәа: Зураб Нижараӡе, Едмунд Каландаӡе, Коки Махараӡе, Парноз Лапиашвили, Георги Очиаури уҳәа даара здырра ҵаулаз ауаа. Урҭ иҟарҵоз, иаԥырҵоз аҭагылазаашьа даара акраҵанакуан. Усҟантәи аамҭаз СССР аидеологиа ишьақәнарӷәӷәоз "Асоцреализм", ақырҭцәа зынӡаск ирыдыркылаӡомызт. Уи иахҟьаны аҭагылазаашьа андырцәгьозгьы ыҟан акоммунист напхгараҿ иҟақәаз. Иаҳҳәап, Зураб Нижараӡеи Едмунд Коландаӡеи аамҭак азы академиаҟынтәи рхы иақәиҭыртәхьан. Сара адипломтә усумҭа анысыхьчоз 1988 шықәса рзы, СССР академиа ахаҭарнак акомиссиа дахантәаҩын. Сдиплом аформеи астилистикеи реиҿкаашьа СССР имҩаԥнагоз аидеологиа иацәыхаран ҳәа иазиԥхьаӡан, амаҭ аԥсымҭаз ашҳам аҿыҵуеит ҳәа, даара акыр иҽирцәгьеит. Аха иара заҟа иҽирцәгьоз аҟара сара еиҳа-еиҳа сыӷәӷәахон, ииҳәоз зегьы теориалеи философиалеи ишьақәырӷәӷәаны аҭак аниоу, даарагь даагачамкит... Хымԥада академиа аректор аҿыханҵаҩ ду, Зураб Нижараӡе аԥхьа днаргылан, сара исыдгылеит. Парноз Лапиашвили атеатртә ҟазареи, аҿыханҵеи рыпрофессор убри аҟара амца инаркит асас ицәажәашьа, қырҭшәала "мамаӡаӷле шьен" ҳәа иаиҳәеит. Иаанаго "уара алахша" ауп. Абас ала иҟаз ауаа ыҟан усҟан.
Ҳәарас иаҭахузеи, дареи ҳареи ҳахьеиқәымшәоз азҵаара уи амилаҭ зҵаара акәын. Дара ирҭахын Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакзар, аԥсуаа зегьы ҳқырҭцәазар. Ари азҵаараҿ даара акырынтә инарҵаулаз ацәажәарақәа анҳақәшәозгьы ыҟан. Сара хаҭалатәи спозициа еиҳабгьы-еиҵыбгьы ибзиан ирдыруан, аҟазара аҭоурых ҳазҭоз ҳарҵаҩцәа аԥхьа инаргылан. Рҿы цқьа ирзарҳәомызт акәымзар, даргьы уи аҩыза апозициа аарԥшра, иацыз агәаӷьра пату ақәырҵон. Иазгәаҭатәуп, атәымџьара аҵара ануҵо, иацу аҭакԥхықәра шаҟа аҵанакуа. Абраҟа иааԥшуеит ауаҩы дызлаҟоу иҟазшьақәа зегьы, сара сгәанала, ҳара убри аамҭаз, академиаҿ аҵара зҵоз зегьы аӡәгьы даҳмырԥхашьеит ҳәа. Уи зегь раԥхьа исыргылоит сара. Исгәалашәоит сыԥшәма ԥҳәыс, иара убри академиа аушьҭымҭа Ахба Циреи сареи лырҵаҩы Гьаргь Очиаури иҳаиҳәаз ажәақәа (лара даара ҳаҭыр лықәиҵон) – "Аԥсны шәаннеилак, хыҵакырҭа ҳәа акыр шәымоума, шәҟазарҭақәа шԥаҟоу, ишәыцхраауа, ишәывагылоу аиҳабыра шәымоума, урҭқәа зегь рыла шәеиқәымшәар, ишәцәыуадаҩхар, ижәдыруазааит ара сшышәзыԥшу. Ара шәааир, аспирантурақәагь шәрылгартә иҟаҳҵоит, аусурҭақәагь шәаҳҭоит" ҳәа.
Выставка Нугзара Логуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2022
Аԥсны
Аҟәа иаатит Нугәзар Логәуа ицәыргақәҵа
Очиаури дхьевсурын, дышьхауаҩын, динтеллигент дуун. Қырҭтәыла моу, СССР иреиӷьӡаз аскульпторцәа рахь дыԥхьаӡан. Уаҩрала дҳаракын. Қырҭтәыла иҿыцу апластикатә хырхарҭа алазгалаз скульпторуп. Иҿагылаз даара ирацәаҩын, аха акы иазыламырҟәуаз абаагәара даҩызан. Иара иҟаиҵаз аҳәарала, иара икурс аҿы аҿыханҵа иазкыз алекциақәа сирҟаҵалон. Иара иҿоуп Амиран Адлеиба аҵара ахьиҵоз. Аԥсуаа цәгьала иҳаракны дҳахцәажәон, "Кавказ арыцарцәа" ҳәа, дҳашьҭан. "Ахьевсур ҷкәын данилак – аԥсуа хаҵа уиеиԥшхааит" ҳәа иахьагьы даҳныҳәоит" иҳәон! Абас иҟазгьы арҵаҩцәа ҳаман.
1988 шықәса азы сыԥшәмагь саргьы ҳхынҳәит Аԥсныҟа, аҟазара агәазыҳәара ду ҳаманы. Аха ара ҳахьааиз, ицоз амилаҭ еиҿагылара аҭәагашоура ҳаалагылеит. Аҟазара згәалашәодаз, СССР ахыбгалара иалагахьан. Қырҭтәыла иахьԥшыз Аԥсны Автономиатә республика ахәлымшәы ҵкааны џьаргьы имцартә иаҳзыҟаҵозар ҳәа ақырҭуа шовинист- националистцәа ирасакьаҳәымҭан ақәгылара иаҿын. Ҳара аԥсуа рҿиаратә интеллигенциа ҿарацәа, ҿыц ҳара ҳаиԥш еиуеиԥшым аҵарақәа ирылган иаақәаз, гәыԥҩык ҳҽеидкылан ахеидкыла ҟаҵаны, амилаҭ зҵаарақәа активла ҳхы рылаҳархәуа ҳалагеит. Аиҿкаара напхгаҩыс даман Нодар Ҷанба. Усҟан "Аидгылара" ҟамлаӡацызт. Ари ахеиҿкаара иалшаз даара ирацәоуп "Аидгылара" ҟаларц азы. Сара иахьынӡаздыруа абри аҭоурых уаҩҵас иҭҵааӡам. Убра иалаз аҷкәынцәа, аӡӷабцәа, зегьы Аԥсны апатриотцәа дуқәа ҳәа иԥхьаӡатәуп. Ашьҭахь, урҭ зегьы хатәрақәан Аԥсны иаҵагылеит. Иҟоуп аибашьраҿ иҭахақәаз, урҭ рыхьӡ хашҭра ақәларан иҟам. Дыҟоуп анцәа иџьшьаны Аԥсны ахьӡ акыр ахара инаҩыртә иҟазҵахьоу, Аԥсны жәлар рартист, адирижиор-акомпозитор Нодар Ҷанба. Убас имаҷҩымкәа. Дазусҭазаалак, убри аамҭаз иҟарҵаз азы, зџьабаа азгәаҭам рацәаҩуп. Сара, убарҭ зегьы рҿаԥхьа схырхәоит!
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы - Sputnik Аҧсны
1/8

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа, Гәында Сақаниа, Алықьса Гогәуа

Нугзар Логәуа, Гәында Сақаниа, Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
2/8

Нугзар Логәуа, Гәында Сақаниа, Алықьса Гогәуа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыгәҭа

Нугзар Логәуа Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/8

Нугзар Логәуа Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыгәҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы - Sputnik Аҧсны
4/8

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа

Нугзар Логәуа - Sputnik Аҧсны
5/8

Нугзар Логәуа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи - Sputnik Аҧсны
6/8

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи - Sputnik Аҧсны
7/8

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа, иԥшәма Цира Ахԥҳа, рмаҭацәа

Нугзар Логәуа, иԥшәма Цира Ахԥҳа, рмаҭацәа - Sputnik Аҧсны
8/8

Нугзар Логәуа, иԥшәма Цира Ахԥҳа, рмаҭацәа

1/8

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

2/8

Нугзар Логәуа, Гәында Сақаниа, Алықьса Гогәуа

3/8

Нугзар Логәуа Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыгәҭа

4/8

Нугзар Логәуа ацәыргақәҵаҿы

5/8

Нугзар Логәуа

6/8

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

7/8

Нугзар Логәуа имаҭеи иареи

8/8

Нугзар Логәуа, иԥшәма Цира Ахԥҳа, рмаҭацәа

Ажәакала, уи амилаҭ шыкьымҭа аилашыра ҳшалагылазгьы, зегь акоуп, мышкгьы сҟазара ааҵра иавасмыргылеит. Иахьагьы ус сааиуеит. Аибашьра иалагаанӡа аҿыханҵа рызҭо рҵаҩыс Витали Лакрба ибзоураны асахьаҭыхратә училишье аҟны аусура салагеит. Убри аамҭаз иҟасҵоз аусумҭақәа рацәоуп. Урҭ аусумҭақәа рҟынтәи иҟоуп Москвантәи аколлекционерцәа иаархәақәаз. Иара убас Англиатәи, Иапониатәи аколлекционерцәа. Усҟантәи сҿыханҵатә експериментқәа ирхылҵыз ауп, иахьа концепциала ишьақәгылоу сконструктивтә знеишьа ахьынтәаауа. Сара аҩажәатәи ашәышықәсеи, аҩажәиактәи ашәышықәсеи ааизырбырц иаҿу ҟазауаҩуп. Иахьа астильқәеи, атенденциақәеи рацәахеит. Ирацәоуп ганрацәала ацифра иаԥсахыз азнеишьақәа. Аҟазара аԥсы злаҭоу, адоуҳа арԥсыҽра, аԥсы ахыхра, арҿаасҭара, адигиниративтә формақәа аԥыжәара рыҭара, алаԥшхырԥага џьашьахәқәа реиҿкаара, аҟазара иацәтәыму, иацәымӷу амаҭәа ччархә ашәҵара, аҵәаԥшь аҿшьра, еилкаашьа змам ахеппингқәа реиҿкаара, сара сгәанала уи аистерика зцу, акаҳара аамҭоуп иаанарԥшуа. Сара исгьамоу, аклассикатә шьаҭала иҳәаақәҵоу, пластикала ихырку, амҵәыжәҩақәа узҭо, иҿыцу ахәыцрақәа зцу, аԥшӡара иасимволу аҿыханҵа ауп. Аԥшӡареи абзиабареи ахьыҟам адунеи ҭацәуп, ибашоуп. Уа, агармониа зыҟалаӡом.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
1/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
2/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
3/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
4/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
5/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иусумҭа

Нугзар Логәуа иусумҭа - Sputnik Аҧсны
6/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа - Sputnik Аҧсны
7/9

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа - Sputnik Аҧсны
8/9

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Нугзар Логәуеи Цира Ахԥҳаи рыскульптура

Нугзар Логәуеи Цира Ахԥҳаи рыскульптура - Sputnik Аҧсны
9/9

Нугзар Логәуеи Цира Ахԥҳаи рыскульптура

1/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

2/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

3/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

4/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

5/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

6/9

Нугзар Логәуа иусумҭа

7/9

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

8/9

Нугзар Логәуа иԥшәма аскульптор Цира Ахԥҳа

9/9

Нугзар Логәуеи Цира Ахԥҳаи рыскульптура

Иацу ыҟоуп. Шәрызҿлымҳаз Sputnik Аԥсны асаит аҭыжьымҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0