Аԥсны

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат Альфред Какуев

Сынтәа Альфред Какуев 90 шықәса ихыҵран дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат Альфред Какуев.
"Альфред Леонид-иԥа Какуев 1992-1994 шықәсақәа рзы иуадаҩыз аибашьра аамҭеи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәеи рзы атәыла аинтересқәа зыхьчоз, Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Апарламент иаԥсоу депутатын", – ҳәа аҳәоит актәи ааԥхьара адепутатцәа иҟарҵаз адышшыларатә шәҟәы аҟны.
Альфред Какуев диит 1934 ашықәсазы Гори ақалақь аҿы. 1959-1992 шықәсқәа рзы аенергиа аусхк аҿы аус иуан, анџьныр ​​иҟынтәи "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ иҟынӡа днаӡеит. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аенергетик.
Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат (1991-1996). Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.