Аԥсны

Аҟәа иблыз ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра аиҭашьақәыргылара иаҿуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аҟәа иблыз ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Уажәтәи аамҭазы ашьыхгақәеи ажәытә дашьмеи амырхуеит. Анаҩс аргылаҩцәа ахыбра аҩнуҵҟа аусурақәа ирылагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардадатә еиҿкаара "Строймонтаж 2" анапхгаҩы Русҭам Цәеиба.
"Адашьма еиуеиԥшым аматериал еилаԥсала иҟаҵан - аламинат, апаркет, аӷәы. Ишьыхыз аҭыӡқәа жәа-сантиметрак рҟынӡа аҿыгҳара рыман, урҭ зегь амаҳхуеит. Уаҳа амцакра аҭыԥ амоурц азы аӷәлых ахархәара аҳҭаӡом", - иҳәеит иара.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи ахыб аԥсахреи 20 миллион мааҭ рзоужьхоит. Урҭ анхыркәшахалак ашьҭахь аусурақәа зегьы ирықәырӡтәу ахарџьынҵа еиқәыршәахоит.