Аԥсны

Аԥснытәи аҽқәа Ростов-на-Дону аҽырыҩраан аиааирақәа ргеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15– Sputnik. Аԥснытәи аҽқәа Ростов-на-Дону аҽырыҩраан аиааирақәа ргеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Асхад Агрба иҽыҩ Греишес Гест актәи аҭыԥ агеит 1200 метра иҟаз аиԥхныҩлараан ҩышықәса зхыҵуа ашьацқьа злоу англыз ҽыҩқәа рыбжьара.
Ҳаџьараҭ Зыхәба иҽыҩ Корефан ахԥатәи аҭыԥ агеит 1800 метра иҟаз аиԥхныҩлараан ҩышықәса зхыҵуа ашьацқьа злоу англыз ҽанқәеи ақьақәақәеи рыбжьара.