Аԥсны

XXII Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. XXII Жәларбжьаратәи аклассикатә музыка фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатит Аҟәа.
Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥса драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Маритәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.
Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.