Аԥсны

Аԥснытәи астенд ӡыргоуп Грозныи имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Аԥснытәи астенд ӡыргоуп Грозныи имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны.
Астенд ианыԥшуеит ареспублика аинвeстициа-економикатә лшарақәа, уи аусутә еимадарақәа рышьақәыргылара иацхраауеит.
Афорум аусура иалахәуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Жәлар Реизара адепутат Бадрик Ԥлиа. Аԥсуа делегациа напхгара алҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.