Абнанхамҩа аусзуҩцәа русура еиҳарак ауаа ргәынҽынҵароуп изызку, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҭарԥҳа.
Арионқәа зегы рҿы иҟоуп абнанхамҩақәа. Иааидкыланы 80-ҩык абнахьчацәа аус руеит.
"Иаҳа иахьшәарҭоу аҭыԥқа рҿы, ауаа рацәа ахьнеиуа, абнахьчаҩцәа иҷаԥшьоит. Мцак, ма гәам-самк аанрыжьзар, иқәыргоит. Ҳәарада, 500 нызықь гектар абна 80-ҩык ирзыхьчаӡом. Аибашьра ҟалаанӡа урҭ рхыԥхьаӡара хынтә-ԥшьынтә еиҳан. Аусура анеира зҭау маҷуп", - азгәалҭеит Ҭарԥҳа.
Лара лажәақәа рыла абнахьчаҩцәа иазгәарҭоит, ауаа абнақәа рҿы рхымҩаԥгашьа иаҳа ишеиӷьхаз, сынтәала машәырк ҟамлацт. Иара убас ақыҭақәа рҿы, Отҳара, Кәалдахәара, аҭыԥантәи аҷкәынцәа рхы еидкыланы иҷаԥшьоит, машәырк рбар, дара-дара еибырҳәоит, лҳәеит Ҭарԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.