Арадио

Џьыкырԥҳа: иахьаԥсыуааз мацара ишьыз афырхацәа рыхьӡ ажәлар идырбатәуп, идырҳатәуп

Sputnik
Ԥхынгәы 15 –16, 1989 шықәса Аҟәа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа ҟалеит. Дара зхылҿиааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет изакәантәымкәа ашара иадҳәалаз аимакқәа ракәын, анаҩс уи аимак иахҟьаны аԥсуааи ақырҭқәеи бџьаршьҭыхла еиҿанагалеит. Аиҿагыларақәа ирыхҟьаны иҭахеит 16-ҩык, ахәрақәа роуит 448-ҩык.
Аҟәатәи аилаҩеиласра иалаӡыз ргәалашәараз ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афотосахьақәа шеизгаз, насгьы агәалашәара иацу ахьаа атәы.
"Иаҳхамышҭуа афырхацәа" - абас ахьӡуп ари ацәыргақәҵа. Уаҟа ицәырган 78 фотосахьа.
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, амилаҭтә кәԥара иалахәыз рзы ауада аиҿкаара иаҿуп, уаҟа иӡыргахоит Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы аҟынтә афырхацәа рфотосахьақәа.
Амузеи адиректор лгәы иаланы илҳәоит, ацәыргақәҵахь изалҳәаз шымнеиз, иааизгьы инҵәаанӡа игылан ишцаз.
"Аҿар ирыздырӡом, убри ҳара иаҳрыцҳароуп. Афырхацәа иахьаԥсыуааз мацара ишьыз ажәлар идырбатәуп. Уҭоурых узымдыруазар, уара узхаҵаӷьеҩхаӡом рҳәоит аԥсуаа", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.