https://sputnik-abkhazia.info/20240716/ykyra-iakhysyuaaz-matsara-ishyz-afyrkhatsa-rykh-azhlar-idyrbatup-idyratup-1051707657.html
Џьыкырԥҳа: иахьаԥсыуааз мацара ишьыз афырхацәа рыхьӡ ажәлар идырбатәуп, идырҳатәуп
Џьыкырԥҳа: иахьаԥсыуааз мацара ишьыз афырхацәа рыхьӡ ажәлар идырбатәуп, идырҳатәуп
Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы 15 –16, 1989 шықәса Аҟәа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа ҟалеит. Дара зхылҿиааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет изакәантәымкәа ашара иадҳәалаз аимакқәа... 16.07.2024, Sputnik Аҧсны
2024-07-16T15:06+0300
2024-07-16T15:06+0300
2024-07-16T15:25+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/10/1051707485_0:0:1000:563_1920x0_80_0_0_13592dc784507827f0e96099c385a107.jpg
Џьыкырԥҳа: иахьыԥсыуааз мацара ишьыз афырхацәа рыхьӡ, ажәлар идырбатәуп, идырҳатәуп
Sputnik Аҧсны
Џьыкырԥҳа: иахьыԥсыуааз мацара ишьыз афырхацәа рыхьӡ, ажәлар идырбатәуп, идырҳатәуп
Ԥхынгәы 15 –16, 1989 шықәса Аҟәа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа ҟалеит. Дара зхылҿиааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет изакәантәымкәа ашара иадҳәалаз аимакқәа ракәын, анаҩс уи аимак иахҟьаны аԥсуааи ақырҭқәеи бџьаршьҭыхла еиҿанагалеит. Аиҿагыларақәа ирыхҟьаны иҭахеит 16-ҩык, ахәрақәа роуит 448-ҩык.Аҟәатәи аилаҩеиласра иалаӡыз ргәалашәараз ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афотосахьақәа шеизгаз, насгьы агәалашәара иацу ахьаа атәы."Иаҳхамышҭуа афырхацәа" - абас ахьӡуп ари ацәыргақәҵа. Уаҟа ицәырган 78 фотосахьа. Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, амилаҭтә кәԥара иалахәыз рзы ауада аиҿкаара иаҿуп, уаҟа иӡыргахоит Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы аҟынтә афырхацәа рфотосахьақәа.Амузеи адиректор лгәы иаланы илҳәоит, ацәыргақәҵахь изалҳәаз шымнеиз, иааизгьы инҵәаанӡа игылан ишцаз."Аҿар ирыздырӡом, убри ҳара иаҳрыцҳароуп. Афырхацәа иахьаԥсыуааз мацара ишьыз ажәлар идырбатәуп. Уҭоурых узымдыруазар, уара узхаҵаӷьеҩхаӡом рҳәоит аԥсуаа", - ҳәа азгәалҭеит лара.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/10/1051707485_109:0:1000:668_1920x0_80_0_0_b285354f67f5a2b17fb9088ffd82f39a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ԥхынгәы 15 –16, 1989 шықәса Аҟәа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа ҟалеит. Дара зхылҿиааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет изакәантәымкәа ашара иадҳәалаз аимакқәа ракәын, анаҩс уи аимак иахҟьаны аԥсуааи ақырҭқәеи бџьаршьҭыхла еиҿанагалеит. Аиҿагыларақәа ирыхҟьаны иҭахеит 16-ҩык, ахәрақәа роуит 448-ҩык.
Аҟәатәи аилаҩеиласра иалаӡыз ргәалашәараз ацәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афотосахьақәа шеизгаз, насгьы агәалашәара иацу ахьаа атәы.
"Иаҳхамышҭуа афырхацәа" - абас ахьӡуп ари ацәыргақәҵа. Уаҟа ицәырган 78 фотосахьа.
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, амилаҭтә кәԥара иалахәыз рзы ауада аиҿкаара иаҿуп, уаҟа иӡыргахоит Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы аҟынтә афырхацәа рфотосахьақәа.
Амузеи адиректор лгәы иаланы илҳәоит, ацәыргақәҵахь изалҳәаз шымнеиз, иааизгьы инҵәаанӡа игылан ишцаз.
"Аҿар ирыздырӡом, убри ҳара иаҳрыцҳароуп. Афырхацәа иахьаԥсыуааз мацара ишьыз ажәлар идырбатәуп. Уҭоурых узымдыруазар, уара узхаҵаӷьеҩхаӡом рҳәоит аԥсуаа", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.