Аԥсны

Аԥсабараҿы амцакрақәа цәырҵыр ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Аԥсны аԥсабараҿы амцакрақәа цәырҵыр ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Ари мзызс иамоу аарҩара ӷәӷәеи ашоура цәгьеи роуп.
Аҭыԥантәи ахадарақәа амцарцәагатә хархәагақәеи, аӡеизакырҭақәеи, амцарцәараан ахархәара зырҭо ақыҭанхамҩатә техникеи рҭагылазаашьақәа гәарҭароуп. Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ракәзар, амцеиқәҵараан ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп.
Урыстәыла аҵакыраҿы абнақәа рбылра мзызс ирымоуп аԥсабаратә факторқәа. Убас, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.