Аԥсны

Аслан Бжьаниа даҭааит очамчыратәи абаӷәазаҟны зыргылара иаҿу аконтеинертә терминал

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Аслан Бжьаниа даҭааит очамчыратәи абаӷәазаҟны зыргылара иаҿу аконтеинертә терминал.
Аусурақәа мҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи еицымҩаԥырго альготатә кредитҟаҵара аинвестпрограммала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Акредитҟаҵара азыԥҵәа 6% иҟоуп. 
Атерминал аура 250 метра иҟоуп, аҭбаара – 500 метра, иара ахь аихамҩақәа нагоуп, авагонқәа аидара рықәхразы ишахәҭоу еиқәыршәоуп.
"Жәларбжьаратәи атранспорттә коридор иахәҭакхо аинфраструктура аԥаҳҵоит. Ҳара иаҳхықәкуп Урыстәылантәи ахԥатәи атәылақәа рахь аидарақәа рнагаразы ирццаку амаҵзура аԥҵара. Аекспорттә вариант аиԥш аимпорттә вариантгьы", – ҳәа иҳәеит аилахәыра "Трансекосистема" адиректор хада Октаи Хазириши.
Аобиект ахархәарахь ирыҭахоит цәыббрамзазы.